Ниу-Иорктәи ахәаахәҭратә центр аҟынтәи ауаа дәылыргеит

© AFP 2023 / DON EMMERTПолицейские на месте наезда грузовика на людей в Нью-Йорке. 31 октября 2017
Полицейские на месте наезда грузовика на людей в Нью-Йорке. 31 октября 2017 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ниу-Иорктәи адәқьан American Eagle Outfitters аҟны ахысыбжьқәа геит.

АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Аштат Ниу-Иорк аҟны ахәаахәҭратә центр аҭааҩцәа зегьы дәылыргеит ахысыбжь ахьгаз инамаданы иҳәеит аполициа ахаҭарнак Роберт Хертман. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Азербаиџьан, ателеканал CBS New York адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Хертман иажәақәа рыла макьаназ еилкаам ахысра зыхҟьаз. Аполициа ахҭыс алахәыла иԥшаара хацдыркит.

"Џьара акы каҳазшәа абжьыцәгьа геит. Знык ауп ахысыбжь ангаз", — иҳәеит ахәаахәҭратә центр аусзуҩ Грисмаил Альманзар.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ахысыбжь геит аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 15.15 (23.15 мск) рзы. Ацентр аҭааҩцәа иаарласны идәылган. Аполициаа ишырҳәаз ала ҩыџьа ауаа ааха роуит.

Ишәгәалаҳаршәоит абҵара 2 рзы Чикаготәи акаҳуажәырҭа "Старбакс" аҟны ахаҵа ахысра шҭеиҵаз. Усҟан дҭахеит 28-шықәса зхыҵуаз акаҳуажәырҭа аҭааҩ, ҩыџьа ахәрақәа роуит. Ихысуаз абналара илшеит.

Абҵара 5 рзы америкатәи аштат Техас аҟны идырым ахаҵа ауахәамаҿ ахысра далагеит. Ихысуаз аполициаа дыршьит. Иҭахеит 27-ҩык ауаа, ахәрақәа роуит – 24-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0