АҞӘА, абҵара 29– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи аспортсмен Леон Ҵәыџьба абри атурнир аҟны ахьтәы медалқәа ҩба игеит. Абри атәы аспортсмен хаҭала ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит.
"Ҳәарада иуадаҩын, аха сымчқәа еизсыркәкәеит. Ҩ-категориак рҟны актәи аҭыԥқәа ааныскылеит", — иҳәеит аспортсмен.
Леон Ҵәыџьба Шәача иҽазыҟаиҵоит. Аицлабрақәа раан Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала дықәгылоит. Шәачатәи атурнир аҟны икоманда далахәны дықәгылон.
Тхеквандо азы атурнир иалахәын 400-ҩык рҟынӡа Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Аԥсны рҟынтәи аспортсменцәа. Имҩаԥысуан Шәача, абҵара 23-25 рзы.
Тхеквондо — бџьарда ахыхьчаратә қәԥарақәа ируакуп. Иара шьаҭаркын Кореиа. "Тхе" иаанагоит уԥаны шьапыла акшара, "квон" — "аҭаҷкәым", "до" — аҟазара. Тхеквондо аҟны ашьапқәа еиҳа аԥыжәара руеит анапқәа раасҭа.