Олег Табаков иаалырҟьан аоперациа изыруит

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор труппы МХТ им. А. П. Чехова
Сбор труппы МХТ им. А. П. Чехова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи Актәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа актиор иҭагылазаашьа ихьанҭоу ҳәа иршьоит.

АҞӘА, абҵара 30 — Sputnik. СССР жәлар рартист Олег Табаков иаалырҟьаны аоперациа изыруит Москватәи Актәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Москватәи Актәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа актиор иҭагылазаашьа ихьанҭоу ҳәа иршьоит.

Табаков ахәышәтәырҭа дышҭашәаз азы адыррақәа ҟалеит иацы. Иҭагылазаашьазы еиуеиԥшым адыррақәа ыҟан.

Артист иԥацәа ракәзаргьы Олег Табаков ахәышәтәырҭахь инеира амзызқәа рзы ирҳәоз акымызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0