АҞӘА, абҵара 30– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Хымштәи хәыда-ԥсадатәи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаарласны, хатәгәаԥхарала имҩаԥыргоит изҭахны иҟоу ргәабзиара аҭҵаара амобилтә лабораториаҿы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Ареспубликатә диспансери СПИД Ацентри рҳақьым хада Натела Топуриа.
Абҵара 29 — 30 рзы амобилтә лабораториа амашьына Ареспубликатә хәышәәтырҭа ашҭаҿы иргылахоит асааҭ жәаба инаркны жәохә рҟынӡа. Ԥхынҷкәын 1 азы, СПИД аҿагылара амш аҽны алобараториа аус ауеит Аҟәа аҵалақь Ахадара ахыбра аҿаԥхьа, асааҭ жәба инаркны жәохә рҟынӡа.
"Изҭаху дааины ихы гәеиҭар алшоит. Ҳмыругақәа зегьы зныктәи хархәароуп ирымоу. Зхы гәазҭаз ауаҩы иҭак аекспресс-методикала илҭоит аԥсихолог. Аҭак зеиԥшрахо еиԥш имҩаԥгахоит иаԥхьаҟатәи игәаҭарақәагьы", — лҳәеит Натела Топуриа.
Асеиԥш иҟоу акциа амҩаԥгара иалнаршеит агепатит В, С, асифилис, ВИЧ-инфекциа раарԥшра.
"2008 шықәса раахыс 411-ҩык аҽыхәышәтәра иахысхьеит", — лҳәеит аҳақьым.
Лара лажәақәа рыла ВИЧ змоу апациентцәа рзы адунеи зегь аҟны ахәшәқәа хәыда-ԥсадоуп. Атерапиа асхема аҳақьым иалихуеит, анализқәа дырхыԥшыланы. Зегь раасҭа ихадоу ахәышәтәра аиԥымҟьароуп.
зхы гәазҭарц зҭаххаз драԥхьатәиуп амилициаусзуҩ Витали Ломиа.
"Акциа хәыда-ԥсадала имҩаԥыргоит. Ухы згәоумҭари. Сгәы иаанагоит аӡәгьы иԥырхагам аҽгәаҭара. Уцәа иалоу удыруазар бзиами", — иҳәеит иара.
Иара убас аҭагылазаашьа ихы иаирхәарц иӡбеит Sputnik аусзуҩ Константин Грецов. 20-25 минуҭ рышьҭахь иара ианализ аҭак инапаҿы иркын.
Аҟәатәи ацентр "СПИД" ԥхынҷкәын 1, СПИД иаҿагылан ақәԥара амш иазкны Ареспубликатә диспансери СПИД Ацентри еицымҩаԥыргараны иҟоуп хәыда-ԥсадатәи аекспресс-диагностика агепатитқәа В, С. ВИЧ-инфекциа ргәаҭаразы акциа.