АҞӘА, абҵара 30– Sputnik. Аԥхьахәқәа "Большая книга", "Ясная Поляна" рлауреат, ароман "Зулейха открывает глаза" автор, ашәҟәыҩҩы Гузель Иахина далыркааит 2018 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу "Тотальный диктант" авторс. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости
"Тотальныи диктант" хацыркхеит 2004 шықәса рзы, Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Аԥхьатәи ашықәсқәа раан ахархәара рырҭон аурыси аҳәаанырцәтәи аклассикеи рцыԥҵәахақәа. 2010 шықәса раахыс атекст рыҩразы иадрыԥхьало иалагеит ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы адиктант атекст рҩит: Борис Стругацки, Захар Прилепин, Дина Рубина, Алексеи Иванов уҳәа егьырҭгьы.
2014 шықәса раахыс "Тотальный диктант" онлаин аҩра алшоит. Иара иахықәкны иҟоуп дарбанызаалак ауаҩы хатәгәаԥхарала аурыс бызшәа шидыруа аарԥшра, идыррақәа реизырҳара.
Апроект анапхгаҩы Ольга Ребковец иазгәалҭеит 2017-2018 шықәсқәа ауснагӡатә азы еиҭакратә аамҭаны ишыҟало.
"Ҳара иҳаӡбеит 2018 шықәса рзы адиктант аҳҭнықалақь алаҳхырц. Зегьы еицырдыруеит адиктант аԥсадгьыл ҳәа иаҳшьоз Новосибирск ақалақь, Новосибирсктәи ауниверситет шракәыз. Сынтәа ҳара иҳаӡбеит сынтәа адиктант ахьымҩаԥгахо ақалақьқәа рыбжьара аиндаҭлара мҩаԥаагарц. Аиааира зго ақалақь 2018 шықәса мшаԥымза 14 рзы "Тотальный диктант" автор илԥылоит, даднакылоит", — лҳәеит апроект анапхгаҩы.
Аиндаҭлара иалахәхоит 2017 шықәса рзы зықьҩык инареиҳаны алахәылацәа ахьыҟаз ақалақьқәа. Асеиԥш иҟоуп 16 қалақь.
Ольга Ребковец иазгәалҭеит "Тотальный диктант" асаит аҟны ишымҩаԥысуа иаарту абжьыҭира.
"Аслаид аҟны ижәбарҭоуп ақалақьқәа рыхьӡқәа аамҭа-аамҭала рыҽшырыԥсахуа: Иркутск, Владивосток, Таллин, Тиумень, Пермь", — лҳәеит Ребковец.
2017 шықәса рзы "Тотальный диктант" информациатә партниорны иазыҟан аинформациатә маҵзура, арадио Sputnik Аԥсны.