Ашықәс ҿыц азы аҳамҭа: 30 уада зылшарақәа ԥкыу аҭаацәарақәа рзы

CC0 / / Ключи в дверном замке
Ключи в дверном замке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Ахадара абаланс аҟны иамоуп 60 уада. Урҭ рыбжак ашықәс ҿыц аламҭалаз ирыҩналоит аԥшәмацәа гәырӷьахәха.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ашықәс ҿыц ааиаанӡа 30 уада рцаԥхақәа ддыркраны иҟоуп зылшарақәа ԥкыу аҭаацәарақәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Славик Қәычбериа.

"Ауадақәа акы; ҩба; хԥа уаҭах иҟоуп. 22 уада ауаа рыхьӡала иҟаҳҵахьеит. Егьырҭ рызгьы ақьаадқәа еизгоуп. Араион Ахадараҿы ишьҭоуп 200 инареиҳаны рзаҳал", — иҳәеит Қәычбериа.

Иара иаҳзеиҭеиҳәеит ауадақәа реихшара шымҩаԥысуа атәы.

"Ауадақәа еилаӡарала ираҳҭоит. Ҽааны уажәааны ауада аремонт азумхар,изаҳҭаз ирымаҳхуеит. Ауадақәа рыҭира азин ҟалом. Шықәсык ашьҭахь иубарҭахоит ауаҩы уа дынхар иҭаху иҭахыму. Аремонт далагахьазар, аордер иаҳҭоит. Ауадақәагьы иара ихатәхоит", — иҳәоит араион Ахада ихаҭыԥуаҩ.

Колонисты в селе Отара. - Sputnik Аҧсны
Ерик Кәартаа: Очамчыра ақалақь арахә неиааиуа иалоуп

Араион Ахадара анхамҩа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Михаил Агрба иазгәеиҭеит акомиссиақәа рҟны еиҳа азхьаԥшра шрырҭо анхарҭаҭыԥ азы агәаҟра змоу ауаа рырзаҳалқәа.

"Зҭаацәа ҭахаз хҩыки, аинвалидцәа хҩыки ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа хԥеи ираҳҭеит ауадақәа, иара убасгьы ауада лаҳҭеит Шьамтәылатәи иааз Екатерина Сорокина. Лара шьҭрала Очамчыратәуп. Шьамтәыла дынхон. Уаҟа аибашьра ианалага арахь дхынҳәит. Хыҵакырҭа лымамызт. Уажәы х-ҿык змоу ауада раҳҭеит лхәыҷқәеи лареи", — иҳәеит Агрба.

Иара убасгьы Агрба иажәақәа рыла аҩнқәа хԥа нхарҭаны ирыҭоуп хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз.

"Аҩнқәа унарыҩналаны унхартә иҟам, аха маҷ-маҷ иҟарҵап. Ҳрыцхраап. Иҳалшо ала ацхыраара раҳҭоит аҭаацәарақәа ирылалаша аишьцәа хҩы-ԥшьҩы ахьыҟоу. Урҭ еиҿыҵроуп, хаз-хазы инхароуп. Убри азы иҳалшо ҟаҳҵоит", — иҳәеит иара.

Алеитенант еиҳабы Рамин Кациа Аӡҩыбжьатәуп. Хәышықәса ҵуеит Очамчыратәи амилициа рҟны аус иуеижьҭеи. Дҭаацәароуп. Ҩыџьа ахшара драбуп. Иԥшәмаԥҳәыс Хатуна Тарнаа ахәыҷы еиҵбы дихылаԥшуеит, аус луӡом. Аҭаацәа х-уаҭахк змоу ауада роуит.

"Есҽны ақыҭаҟынтә усураҳәа саауан. Схала анхарҭа аахәара сцәыуадаҩын. Аремонт аҟаҵара сҽазысшәоит", — иҳәеит Рамин Кациа.

Маркәыла инхо, 23-шықәса зхыҵуа Алхас Гәниа аҳәынҭавтоинспекциаҿ аус иуеит. Ауада аиуразы ирзаҳал иаарласны иахәаԥшраны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0