Аԥсны аҭоурых азы адокументқәа реиҭашьақәыргылара Москва ирылацәажәоит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ хранилище библиотеки. Архивное фото
В хранилище библиотеки. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә архив аҟны иԥшаау адокументқәа шьаҭас иҟаҵаны еиҿкаауп атематикатә коллекциақәа ҩба: "История революционного движения в Абхазии", "Абхазия туристическая". Аколлекциақәа рӡыргара мҩаԥысуеит Астол гьыжь аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Астол гьыжь мҩаԥысуеит Москва, ԥхынҷкәын 5 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит Аҭоурых-архивтә институт астудентка Милана Бжьаниаԥҳа.

"Афорум кураторс сыҟоуп. Иахьатәи аиԥылара хықәкны иамоуп астуденттә проект "Молодежь и архивы, хранители будущего" аихшьаалақәа рымҩаԥгара. Астол гьыжь асасцәа ҳәа иааԥхьоуп Урыстәыла архив аусхк аҟны еицырдыруа ауаа. Астол гьыжь ишиашоу ицо аефир ала абара алшоит Facebook аҟны Москватәи аԥсуа диаспора рдаҟьаҿы", — лҳәеит лара.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә архив аҟны иԥшаау адокументқәа шьаҭас иҟаҵаны еиҿкаауп атематикатә коллекциақәа ҩба: "История революционного движения в Абхазии", "Абхазия туристическая". Аколлекциақәа рӡыргара мҩаԥысуеит Астол гьыжь аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Жәларбжьаратәи аҿартә ҭоурыхтә форум " История и архивы: межгосударственное измерение" аҳәаақәа ирҭагӡаны актәи аилатәара мҩаԥган 2016 шықәса цәыббрамзазы. Усҟан афорум алахәылацәа идырдырын ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан иблыз Аԥсны Ацентр архив аҭоурых.

Ажәабжьқәа зегьы
0