"Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" ашколхәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭеит

© Sputnik Амра Амичба"Послы доброй воли Абхазии" подарили ноутбуки сухумским школьникам
Послы доброй воли Абхазии подарили ноутбуки сухумским школьникам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аԥсуа диаспора иаԥнаҵаз Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" аԥсуа бызшәеи, агәабзиарахьчареи, аҵареи, аспорти ирзырхоу агуманитартә проектқәа аус рыдырулоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik, Амра Амҷыԥҳа. "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" ашколтә олимпиадаҿы иаиааиз Аҟәатәи Ашьхаруаа рышкол №10 аҵаҩцәа аноутбук ҳамҭаны ирырҭеит.

Ажәбатәи акласс аҵаҩцәа Глеб Аџьба, Данил Кәыҵниа, Инал Џьопуа ашкол адиректор Аида Кәарҷелиаԥҳа лажәақәа рыла адырра ҳаракқәа аадырԥшит.

"Ҩымш, асабшеи амҽышеи, имҩаԥысуан ашколтә олимпиада. Иара амаҭәарқәа зегьы аҵанакуан. Москватәи аԥсуа диаспора иаԥнаҵаз Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" ирыӡбеит аԥсуа бызшәазы иалкаахо аҳамҭа ранаршьарц", — ҳәа еиҭалҳәоит ашкол адиректор.

"Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" ашколтә олимпиадаҿы иаиааиз Аҟәатәи Ашьхаруаа рышкол №10 аҵаҩцәа аноутбукқәа ҳамҭаны ирырҭеит.

"Дарбанызаалак ауаҩы идыррақәа ҭбаазароуп. Еиуеиԥшым амаҭәарқәа рҟны аԥыжәара ахьшәоуз иалнаршоит ԥхьаҟа азанааҭ алхраан еиҳа алшарақәа роура. Ишәзеиӷьасшьоит ԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа", — иҳәеит агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ Едгар Ӷәазаа.

Глеб Аџьба ашкол иреиӷьу аҵаҩцәа дрылахәны ахьтәы медал аиуразы ихы ԥишәоит.

"Ажәахәқәа, арефератқәа анҳарҭо аинформациа аиуразы уажәшьҭа схы сыргәаҟӡом. Аноутбук даара исыхәарҭахоит. Ақалақь абиблиотекақәа рҿы исзымԥшаауа аинформациа аелектронтә библиотекаҿы исыԥшаалоит", — иҳәеит Глеб.

Москватәи аԥсуа диаспора иаԥнаҵаз Агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" аԥсуа бызшәеи, агәабзиарахьчареи, аҵареи, аспорти ирзырхоу агуманитартә проектқәа аус рыдырулоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0