Аԥсны иреиӷьу арҵаҩцәа алыркаауан

© Sputnik Анжелика Бения Учитель года. Награждение
Учитель года. Награждение - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
20-ҩык инареиҳаны Аԥсны арҵаҩцәа рхы аладырхәит азанааҭтә ҟазаратә еиндаҭлара "Ашықәс арҵаҩы". Ауснагӡатә мҩаԥысуан Аҟәа, ԥхынҷкәын 6 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Ареспубликатә еиндаҭлара "Ашықәс иреиӷьу арҵаҩы" аҟны аиааира згаз рныҳәа мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Иреиӷьу арҵаҩцәа ҳәа иалырхит хәҩык: Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №2 аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Светлана Ԥлиаԥҳа, Мықәтәи ашкол аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Светлана Киртаӡе, Аҟәатәи Ашьхаруаа рышкол алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Марина Сыҷынааԥҳа, Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 арҵаҩы Анжела Мацапиа, Аҟәатәи абжьаратә школ №1 арҵаҩы Нонна Адлеиаԥҳа.

Иалкаау арҭ ахәҩык Аҵара аминистрраҟны иаԥҵоу атесстациатә комиссиа ҷыда ианырхыс ашьҭахь, акомиссиа алахәылацәа рыӡбрала ирыхҵан "иреиҳау акатегориа аҟаза" ҳәа ахьӡ.

Аиндаҭларатә номинациа "Иреиӷьу акласс анапхгаҩы" ҳәа далкаан Аҟәатәи Ашьхаруаа рышкол №10 аматематика арҵаҩы Асмаҭ Лагәлааԥҳа, "Иреиӷьу ааӡаҩ" ҳәа далкаан ахәыҷбаҳча "Алашара" ааӡаҩ Аида Минаиаԥҳа.

Аныҳәатә хәылԥазы далахәын Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

"Иахьатәи аамҭаз ахәшьара уадаҩуп ахаҭабзиара ҳарак змоу аҵарадырра, аҳәынҭқарра аргыларазы, апатриот хәыцшьа змоу ауаажәларра реиҵааӡаразы, иаҵанакуа. Уи еиҳа-еиҳа иуныруеит иааиԥмырҟьаӡакәа зҽеиҭазкуа адунеи аҟны еиуеиԥшым аусхкқәа зегьы рҿы. Иара убри аан аҵарадырра мацара акәӡам арҵаҩы ахәыҷқәа ирызнеиго. Аҵаратә усҳәарҭақәа рыҩныҵҟа ишьақәгылоит ахәыҷы ихаҭара, ихымҩаԥгашьа, иҟазшьа. Арҵаҩы ироль абри аус аҿы акырӡа аҵанакуа иҟоуп. Аҳәынҭқарра аус хадақәа иреиуоуп арҵаҩы ҭынч иуалԥшьа неигӡалартә еиԥш аҭагылазаашьа изаԥҵара" — иҳәеит атәыла Ахада.

Рауль Ҳаџьымба арҵаҩцәа рпрофессионализм ҳараки рус ахь ирымоу абзиабареи рзы ҭабуп ҳәа раҳәаны иазгәеиҭеит аҵара аус аветеранцәа. 30-ҩык инарзынаԥшуа арҵаҩцәа иранашьан "Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ ҳарак.

Ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа арҵаҩцәа рконференциаҟны дықәгылеит - Sputnik Аҧсны
Адлеиаԥҳа: арҵаҩцәа рҟазара игәоуҭартә иҳаракхеит

Иара убасгьы Ахьӡ-аԥша аорден III аҩаӡара ранашьан Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша уаанӡатәи аиҳабы Алеқсандр Гәниеи Апедагогика аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩ Татиана Рогачевеи.

"Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы", ААУ апедагогика акафедра аиҳабы Алықьса Касланӡиа иҳәеит ахаангьы иалихыз азанааҭ игәа шамырхьшәашәац.

"Арҵаҩы изанааҭ ахьӡ-аԥша амам зҳәо ыҟоуп, аха сара уи сақәшаҳаҭым. Бисмарк ишиҳәоз ала "аибашьрақәа рҟны аиааира зго аинралцәа ракәӡам, арҵаҩцәеи анцәаимаҵзуҩцәеи роуп". Ажәлар рыбзазара бзиа аиҳарак арҵаҩцәа ирыбзоуроуп. Ҳара ҳарҵаҩцәа иаҳзырааӡоит ҳтәыла апатриотцәа. Сзанааҭ сгәы аладууп. Салаҽхәоит", — иҳәеит Касланӡиа. Иаиааиз рыхьӡқәа еиқәиԥхьаӡеит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Аминистр иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу ареспубликатә еиндаҭлара традициак еиԥшны ишыҟалаз.

20-ҩык инареиҳаны Аԥсны арҵаҩцәа рхы аладырхәит азанааҭтә ҟазаратә еиндаҭлара "Ашықәс арҵаҩы". Ауснагӡатә мҩаԥысуан Аҟәа, ԥхынҷкәын 6 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0