ГАГРА, ԥхынҷкәын 7 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион аҿиара аинвестпрограмма инақәыршәаны, шықәсыбжак аахижьҭеи нап аркуп, Гагратәи абжьаратә школ №1 аргылара. Иахьа урҭ аусурақәа, иарбаз аамҭа иаԥысны имҩаԥысуеит.
Аԥсуа школ аргылара, ҷыдала хылаԥшра аиҭоит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.
"Ишыжәдыруа еиԥш, Гагратәи абжьаратә школ №1 ахыбра, аҵара-ааӡаратә процесс амҩаԥгаразы иуашәшәырын. Убри аҟнытә, аамҭа кьаҿ иалагӡаны иҳалҳаршеит, аҟазаратә школ ахыбраҟны акапиталтә ремонт мҩаԥганы, аԥсуа школ уахь аиагара. Анаҩс, ажәытә школ ԥырганы, нап аркхеит шьаҭанкыла аҿыц аргылара. Иахьа ҩ-еихагылак рҟынӡа ишьҭыхыуп аҵаратә процесс ахьымҩаԥгахо ахәҭақәа ҩба, мышқәак рышьҭахь, ахԥатәи аихагыла ашьҭхра иалагоит. Ашкол аҵакыраҟны, хазы хыбрақәаны иргылахоит акттәи аспорттәи залқәа. Аобектқәа рыԥшьбагьы еиԥшьхоит иарку аиасырҭақәа рыла", — иҳәеит араион Ахада.
Иара убас, Заур Бганба иазгәеиҭеит, аинвестпрограммала имҩаԥысуа аусурақәа рхылаԥшразы, уажәааигәа Урыстәылантәи иааз акомиссиа, аԥсуа школ аргылара ахаҭабзиара ахә ҳаракны ишыршьаз.
Гагратәи аԥсуа школ шьаҭанкыла аргылара хырқәшахоит ҳәа иазгәаҭоуп 2019 шықәса. Аха иахьа, мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуа аргылара, иарбоу аамҭа иаԥасуеит.
Убри аҟнытә, Гагра араион Ахадара аиҳабы иҳәеит, Урыстәылантәи хәҭа-хәҭала иаарышьҭраны иҟоу аԥара, 2019 шықәсанӡа имгакәа, аусурақәа рцашьа иашьашәаланы ирзаашьҭозар ҳәа, аргылара хылаԥшра азҭо Урыстәылатәи акомиссиа аилацәажәара мҩаԥнагараны ишыҟоу. Уи ус иалыршахар, аԥсуа школ 2018 шықәсазы агәашәқәа аартхон.
Гагратәи аԥсуа школ аргылара анапы ианҵоуп, Аҳәынҭқарратә Еилакы "Аԥсныргылара".