АҞӘА, ԥхынҷкәын 7— Sputnik. Америка Ахада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Иерусалим Израиль иаҳҭнықалақьуп ҳәа азхаҵара иаанагом Палестинеи Израили реизыҟазаашьа аҭышәныртәалараз Вашингтон иҟанаҵо аҽазышәарақәа ԥкхоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ацҳаражәҳәарҭа ҿыц аҭынч ҭышәныртәалара ашьақәыргыларазы алагала духоит. Асеиԥш аҳәамҭа ҟаҵо сара зҵаарак асыркуеит. Иара анырра рнаҭараны иҟам ҳара ҳхыдҵақәа" — иҳәеит иара.
Израиль Иерусалим "иаку, еиҟәымшо" ҳҭнықалақьны иахәаԥшуеит. Арахь иаҵадыркуеит иара мрагыларатәи араионқәеи Иорданиа иаҟәырыҭхаз, нас аннексиа ззыруз аҭоурыхтә центри.
Адунеи аҟны аннексиа азхарҵом, ақалақь астатусгьы мрагылараигәатәи аимак апроблема хадақәа ракәны иахәаԥшуеит. Ари аимак аӡбра аиуроупусалим мрагыларатәи ахәҭа ҳхатәуп ҳәа изыԥхьаӡо полестинаа рақәшаҳаҭрала. Абасеиԥштәи аҭагылазаашьа инадҳәаланы аҳәаанырцәтәи Ацҳаражәҳәарҭақәа Тель-Авив ақалақь аҿы аус руеит.