Британиатәи ашәаҳәаҩ Британиа Ду аимпериа аорден ианашьахеит

© REUTERS / John Stillwell/PoolЭд Ширан
Эд Ширан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхьахә Гремми-2016 "Иреиӷьу ашықәсантәи ашәеи" ("Thinking Out Loud") "Иреиӷьны апоп-нагӡареи" ("Thinking Out Loud") рзы изауз ашәаҳәаҩ Ед Ширан Британиа Ду аимпериа аорден ианашьахеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik. Аԥхьахә Гремми-2016 "Иреиӷьу ашықәсантәи ашәеи" ("Thinking Out Loud") "Иреиӷьны апоп-нагӡареи" ("Thinking Out Loud") рзы изауз ашәаҳәаҩ, амузыкант Ед Ширан Британиа Ду аимпериа аорден ианашьахеит. Аорден инапы иаиркит Британиа апринц Чарльз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Анашьаратә церемониа мҩаԥысит Букингем. Амузыкант асеиԥш аҳамҭа ду ианаршьеит амузыкеи агәыҳалалреи русхк аҟны илагала дуқәа рзы.

Ширан аҳамҭа идкыло иҳәеит, насыԥ иманы ихы шибо апринц Гаррии Меган Маркли рчараҟны ашәа иҳәар. Амузыкант иазгәеиҭеит Гаррии Меган Маркли рҟынтәи асеиԥш ааԥхьара аӡәгьы ишимоуц.

Ажәабжьқәа зегьы
0