Европа ачемпионат ахәмаррақәа Питер имҩаԥгахоит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Санкт-Петербург
Города России. Санкт-Петербург - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат агәыԥ В ахәмаррақәа 2020 шықәса рзы имҩаԥысуеит Санкт-Петербурги Копенгагени.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 — Sputnik. Швеицариатәи Ньоне аҟны УЕФА анагӡаратә еилакы аҟны иалкаахеит ашьапылампыл азы Европа ачемпионат агәыԥ В ахәмаррақәа ахьымҩаԥгахо ақалақьқәа. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт, УЕФА Twitter аҟны аофициалтә даҟьа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Абри атәы аԥшьаша ирылаҳәан, Швеицариатәи Ньоне аҟны УЕФА анагӡаратә еилакы аҟны ирыдкылаз аӡбрала. Евро-2020 мҩаԥысуеит Европа ақалақьқәа 12 рҟны: Санкт-Петербург, Баку (Азербаиџьан), Бухарест (Румыниа), Будапешт (Венгриа), Миунхен (Германиа), Амстердам (Нидерланды), Копенгаген (Даниа), Рим (Италиа), Бильбао (Испаниа), Дублин (Ирландиа), Лондон (Англиа), Глазго (Шотландиа).

Ахәмаррақәа гәыԥ-гәыԥлатәи рсиа абасеиԥш ишьақәыргылоуп:

А — Рим, Баку,

B — Санкт-Петербург, Копенгаген,

С — Амстердам, Бухарест,

D — Лондон, Глазго,

E — Бильбао, Дублин,

F — Миунхен, Будапешт.

Ажәабжьқәа зегьы
0