Саакашвили идгылаҩцәа Киев амҩадуқәа рахь икылсит

© Sputnik / Алексей Вовк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Киеве в связи с задержанием М. Саакашвили
Ситуация в Киеве в связи с задержанием М. Саакашвили - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽышаҽны имҩаԥысит Саакашвили идгылаҩцәа рмитинг. Дара ирҭахуп аимпичминт азы Азакәан адкылара мҩаԥгахарц. Амитинг иалахәуп апартиа "Движение новых сил".

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 — Sputnik. Киев ақалақь агәҭа Қырҭтәыла уаанӡатәи Ахада Михаил Саакашвили идгылаҩцәа амитинг мҩаԥыргеит. Дара ирҭахуп аимпичминт азы Азакәан адкылара мҩаԥгахарц. Абри атәы ааицҳауеит РИА Новости акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Марш сторонников М. Саакашвили в Киеве - Sputnik Аҧсны
Украина Апрокуратура хада Саакашвили ишьҭоуп

Саакашвили идгылаҩцәа шьапыла иқәсит Тарас Шевченко ипарк аҟынтәи Маидан аҟынӡа. Уаҟа асцена ықәыргылан. Уаанӡа Саакашвили идгылаҩцәа рмитингқәа мҩаԥыргон Верховнаиа рада ааигәара.

Арахь иааиит жәпаҩыла ауаа.

Саакашвили иакәзар, аҩаша даанкылан, аха идгылаҩцәа иалдыршеит азинхьчаҩцәа рымҟәыҵҟьара. Ахашаҽны азинхьчаҩцәа Саакашвили дахьыҟаз амшьамба қалақь ахь инеиит дааныркыларц. Иара идгылаҩцәа усҟангьы иаанкылара алдмыршеит. Уи алшеит ахәашаҽны.

Аполитик аизолиатор дахьҭаку ачгара далагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0