Тҟәарчал араион Ахадара иақәлеит

© SputnikМилиция. Архивное фото.
Милиция. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион Ахадара иақәлеит ҳәа аалыцҳаит араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынҷкәын 8 ауха Тҟәарчал араион Ахадара зыҩноу ахыбра иақәлеит ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҭалҳәеит араион Ахада Аида Чачхалиаԥҳа.

"Идырым хҩык асабрадақәа рҿаҵаны, абџьар кны араион Ахадара ахыбра иҩналеит актәи аихагылала. Нас урҭ аҩбатәи аихагылахь ихалеит, аҳасабеилыргаҩ лкабинет ахь инеиит, аҷаԥшьаҩ дҳәынҷаны", — лҳәеит лара.

Ақәылара зуаз руаӡәк аҷаԥшьаҩ абџьар иқәкны дгылан егьырҭ аҩбатәи аетаж аҟны иҟоу аҳасабеилыргаҩ лкабинет ианыҩназ.

"Ахәашаҽны аулафахәы ҳшон. Ацәгьоуцәагьы уи иақәгәыӷзар акәхап, аха анцәа иџьшьаны аԥара зтәу ираҳҭахьан. Аԥара араҟа иаанҳажьӡом, уи аҽаџьароуп иахьыҵәаху", — лҳәеит лара.

Чачхалиаԥҳа лажәақәа рыла амилициа аԥшааратә усурақәа мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0