Апарламент аҟны 2018 шықәсазтәи абиуџьет рыдыркылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание парламента
Заседание парламента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә биуџьет иазыԥхьагәанаҭоит 9 миллиардки 500 миллиони мааҭ алагалеи 9 миллиардки 602 миллион мааҭ аныхрақәеи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҩаша, ԥхынҷкәын 12 рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәараҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.

Атәыла ихадоу афинанстә усшәҟәы апроект адепутатцәа рахәаҧшразы адгалара мҩаҧыргеит абҵара 17 рзы, Аҧыза-министр Беслан Барцыц ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Дмитри Сериков.

Аилатәара аартуа, Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, аҳәынҭқарратә, биуџьет апроект аус адулара – зыӡбара хымҧадатәиу азеиҧш проблемоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

"Ҳара иныҭкааны ари адокумент ҭаҳҵааит. Ҩы-мчыбжь ирылагӡаны адепутатцәа зегьы иарбоу аусшәҟәы ахәаҧшреи аилкаареи рзы алшара рыман. Абиуџьет апроект алацәажәара хәҭа-хәаҭала, аминистррақәеи ахылаҧшырҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа рааҧхьарала имҩаҧысуан. Аҵыхәтәаны, адепутатцәа иарбоу азакәан апроект аганахьала рхатәы гәаанагара шьақәгылеит. Урҭ ирылацәажәан иацы, ԥхынҷкәын 11 рзы имҩаԥысыз инарҭбаау аилатәараҟны", – ҳәа иҳәеит Кәарҷиа.

Кәарҷиа иажәақәа рыла абиуџьет азы Азакәан апроект инақәыршәаны 2018 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә биуџьет иазыԥхьагәанаҭоит 9 миллиардки 500 миллиони мааҭ алагалеи 9 миллиардки 602 миллион мааҭ аныхрақәеи. Абри инақәыршәаны абиуџьет адифицит иартәоит 2018 шықәса рзы 100 миллион мааҭ аԥара.

Аԥаразоужьра цҵақәа, ареспубликатә биуџьет аҟны иазыԥхьагәаҭоу, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рыцхыраара иазырхахоит, иара убасгьы иазырхахоит абиуџьеттә усхк – аҵара, агәабзиарахьчара, акультура реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рҟны аулафахәы ашәара. Ишазгәаҭоу ала аԥаразоужьрацҵа 2018 шықәса рзы иартәараны иҟоуп 640 миллион мааҭ.

2018 шықәса 2017 шықәса иадкыланы абиуџьеттә лагала 656,5 миллион мааҭ рыла еиҵахоит. Иара убри аан ахатәы лагалақәа еиҵахоит 231 миллион мааҭ рыла. 424 миллион иҟоу ацынҵәарахтә еиԥшымзаара лаҟәуеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо афинанстә цхыраара аиҵатәрала.

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарҷиа Аԥсны Апарламент аусура иазкны: иҳадаҳкылаша азакәанқәа рацәоуп

2017 шықәсатәи абиуџьет аҟны планла аҳәынҭбиуџьет алагалақәа 5 миллиардки 441 миллиони мааҭ ыҟан, 2018 шықәса рзы уи 5 миллиардки 209 миллиони мааҭ иҟалоит. Урыстәылатәи ацхыраара ҩ-хкыкны ишьақәгылоуп: акы –имҩаԥысуа аԥаразоужьра, егьи – аинвестициатә цхыраара иҳәеит Дмитри Сериков. 2017 шықәса рзы урыстәылатәи ацхыраара иартәеит 4 миллиардки 716 миллион мааҭ, 2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп 4 миллиардки 292 миллион мааҭ.

Урҭ рҟынтәи финанстә цхыраарак аҳасаб ала, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы иаиуеит 2,671 миллиард мааҭ, 1,620 миллиард мааҭ инвестицак аҳасаб ала.

2017 шықәса иадкыланы 2018 шықәса рзы Аҳәынҭқарратә биуџьет аныхратә хәҭа лаҟәуеит 589 миллион мааҭ рыла. Убри аан иазгәаҭатәуп урҭ реиҳарак Аинвестициатә программа иаҵанакуа ахәҭахьы ишыҟоу. Абиуџьет инақәыршәаны 2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп акцизтә шәахтә 142 миллион мааҭ аҟазаара, аҳазалхратә баџь 452 миллион мааҭ аҟазаара, аҳазалхратә еизгақәа 245 миллион мааҭ рыҟазаара. Раԥхьаӡа акәны 2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәу аԥсуа делегациа рзы аԥаразоужьра.

"Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәызароуп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа рыдагьы егьырҭ амчратә органқәа рхаҭарнакцәагьы. Ҳара урҭ аиҿцәажәарақәа рылахәразы аныхратә хәҭаҷ ҷыда алаҳкааит" — иҳәеит Дмитри Сериков.

Парламент. - Sputnik Аҧсны
Апарламент АКЦ (ИКЦ) аԥҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит

Миллиардки 200 миллион мааҭи 2018 шықәса рзы иныххоит азынхьчаратә органқәеи аҳәынҭшәарҭадаратә органқәеи рзоужьразы. 2 миллиардки 100 миллион мааҭи амилаҭтә економика иазырхахоит. 238 миллион мааҭ азырхахоит аҵарадырра аусхк. Уи арбага 2017 шықәса раан аасҭа иҳаракуп. 46 миллион мааҭ рзырхахоит абаҩырҵәыреи аспорти, 12 миллион мааҭ – аҿартә политика. 2018 шықәса рзы аулафахәы иартәоит 3 миллиардки 417 миллиони мааҭ иҳәеит Сериков.

Апарламент адепутат Натали Смыр лажәақәа рыла, ҩымчыбжь ирылагӡаны адепутатцәа зегьы иарбоу аусшәҟәы ахәаҧшреи аилкаареи рзы алшара рыман. Адепутат Рауль Лолуа иазгәеиҭеит 2018 шықәсазтәи абиуџьет аҿиаратә биуџьет акәымкәа ԥсеиқәырхагатә биуџьетноуп ишыҟоу ҳәа.

"Сара асеиԥш хра змам абиуџьет азы сыбжьы сҭиуам", — иҳәеит иара.

30-ҩык зыбжьы зҭииз рҟынтәи 3-ҩык абиуџьет адкылара мап ацәыркит.

2018 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ареспубликатә биуџьет акәзар, иазыԥхьагәанаҭоит 7 миллиардки 432 миллиони мааҭ алагалеи 7 миллиардки 527 миллион мааҭ аныхрақәеи. Абри инақәыршәаны ареспубликатә биуџьет адифицит иартәоит 2018 шықәса рзы 95 миллион мааҭ аԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0