Имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 42-тәи рраунд

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Женева
Города мира. Женева - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҟны дыҟаз аделегациа алахәын Женеватәи аиҿцәажәарақәа 42-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 13 рзы, Женева.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аиҿцәажәарақәа реихшьаалақәа рыла аганқәа еиқәышаҳаҭны ирызрыдымкылеит амч ахамырхәаразы аҳәамҭа атекст аҵыхәтәантәи авариант. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба.

Ираклий Тужба - Sputnik Аҧсны
Амч ахамырхәара иалацәажәон заанаҵтәи аконсультациақәа рҟны

Иара иажәақәа рыла амшхәаԥштә азҵаара ззырхаз амч ахамырхәаразы аҳәамҭа аҟаҵара акәын.

"Аганқәа еицырзыманшәалаз ацәажәарақәа шымҩаԥыргазгьы еиқәышаҳаҭны ирызрыдымкылеит амч ахамырхәаразы аҳәамҭа атекст аҵыхәтәантәи авариант. Убри инадҳәаланы иӡбан атекст аус адулара уажәшьҭантәи араунд ахь ииагазарц", — иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба.

Аҩбатәи аусутә гәыԥ аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан агуманитартә ҟазшьа змаз азҵаарақәа.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа уажәшьҭантәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза 27- 28 2017 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0