Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз Гәдоуҭа ақалақь аҟны иргәаладыршәеит

© Sputnik Бадри ЕсиаваДень памяти жертв Латской трагедии прошел в Гудауте
День памяти жертв Латской трагедии прошел в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
25 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14 иҟалаз Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз Гәдоуҭа ақалақь аҟны иргәаладыршәеит.

Гәдоуҭа, ԥхынҷкәын 14- Sputnik, Бадри Есиава. Зықьҩыла Аԥсны ауааԥсыра, Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, аминистрцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашколхәыҷқәа Гәдоуҭа- Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Военные карикатуры Гарри Дочия - Sputnik Аҧсны
Амш еиқәаҵәа

Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥган.

"Ҳажәлар агәырҩа ду рхыргахьеит, аха Лаҭатәи арыцҳара иаҳнаҭеит имӷьаӡо ахәра. Ахәыҷқәеи, аҳәсеи зҭатәаз аверталиот анԥыржәа ашьҭахь, хымш рыԥсыбаҩқәа реидкылара иаҿын, ашьҭахь Гәдоуҭаҟа иааргеит. Абри арыҵҳара зегьы зыблала избаз, зыуацәа ҭархаз зегьы ахааназ рыбла ихыҵуам, ирхашҭуам", — иҳәеит Гәдоуҭа абыргцәа рхеилак алахәыла Виктор Гәынба.

Амитинг аҟны ажәа иман Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Енри Ҭоруа. Иара иажәақәа рыла, ари амш Аԥсны аҭоурых аҟны мшы еиқәаҵәаны иаанхоит.

"Иҭархаз рҭаацәа рыҵәаабжь Аԥсны зегьы архыџхыџеит. Аԥсны зегьы ҳацҵәыуон 25 шықәса раԥхьа", — иҳәеит Ҭоруа.

Очамчыра ақалақь инхо Рауль Аԥшьлаа ари арыцҳара ицәалаӡеит фҩык иҭаацәа. Амитинг аҟны дықәгылеит иара иҭаца Асҭанда Ԥачлиаԥҳа. Лара иҭабуп ҳәа ралҳәеит есшықәса абаҟа иаҭаауа, ррыцҳар рыцеиҩызшо зегьы.

© Sputnik Бадри ЕсиаваДень памяти жертв Латской трагедии прошел в Гудауте
День памяти жертв Латской трагедии прошел в Гудауте - Sputnik Аҧсны
День памяти жертв Латской трагедии прошел в Гудауте

"Усҟан уи ажәабыжь ҳаԥсҭазаара ҳамнахит. Зныкала аԥсҭазаара рацәа ҳацәнагеит. Иҭаблыз рҟынтәи еиҳарак Очамчыра араион иатәын. Иҭабуп иахьышәгәалашәо. Иахьа уи акзаҵәык ауп иаҳуалу", — лҳәеит Ԥачлиаԥҳа.

25 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит.

Авертолиот анышьҭԥраа 17 минуҭ рышьҭахь қырҭҭәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аиҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз аламҭалазы иҭархан, рыԥсқәа шҭаз амца иаблит 84-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, аа-ҩык зцәазтәымкәа иҟаз аҳәса.

Ажәабжьқәа зегьы
0