Афонд "Азҳара" аекономиа зызу аԥарақәа ахыԥхьаӡалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСессия Народного Собрания
Сессия Народного Собрания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҟны адепутат леонид Чамагәуа ажәалагала ҟаиҵеит аекономиа зызуу аԥарақәа афонд "Азҳара" иахыԥхьаӡалахарц азы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахылаԥшратә палата 2017 шықәса рзы аусбарҭақәа аекономиа ззыруз аԥарақәа агәыҳалалратә фонд "Азҳара" иазынанашьҭуеит. Абри атәы Spuntik иазеиҭеиҳәеит афонд ашьаҭаркыҩцәа руаӡәк, адепутат Леонид Чамагәуа.

"Арҭ аԥарақәа аҳәынҭқарратә мал аекономиоуп. Урҭ азыԥхьагәаҭан", — иҳәеит иара.

2017 шықәса рзы Ахылаԥшратә палата аныхратә хәҭаҷқәа зегьы рҟны аекономиа ҟанаҵеит. Ацәынха ахышәа-ҵышәа иартәеит миллионки 300 нызқь мааҭ иҳәеит Ахылаԥшратә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.

Иара иажәақәа рыла Ахылаԥшартә палата азыхиоуп агәыҳалалратә фонд ацхыраара аҭаар.

"Иҟалоит ҳара арҭ аԥарақәа зегьы ҳарҭарц аҳәара ҟаҳҵар, иҟалоит ахәҭак аагар. Аԥарақәа ҳәынҭқарратә ԥароуп. Ус анакәха агәыҳалалратә фондқәа ирзырхахар ииашахоит. Атәылаҿы имаҷым ацхараара зҭаху ауаа", — иҳәеит Чамагәуа.

2017 шықәса ажьырныҳәамзазы ишьаҭаркын агәыҳалалратә демографиатә фонд "Азҳара". Аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рираан ирызшәахоит шәкы-шәкы нызқьмааҭ аԥара.

Ажәабжьқәа зегьы
0