Ахьӡ-аԥша амузеи аекспозициа ҿыц хнартит

© Sputnik / Амра АмичбаЭкспозиция элементов вооружения и личных вещей солдат Красной Армии
Экспозиция элементов вооружения и личных вещей солдат Красной Армии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵаарадырратә институти еицымҩаԥыргеит Кавказ азы аибашьра 75-шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ар ҟаԥшь асолдаҭцәа рабџьари рхатә-цәамаҭәеи рекспозициа аадыртит амузеи актәи аихагылаҿы Кавказ азы аибашьра 75-шықәса ахыҵра иазкны Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵаарадырратә институти еицымҩаԥыргаз аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

© Sputnik Амра Амичба Фотовыставка Абхазия и Северный Кавказ в период Великой Отечественной войны 1941-1945
Фотовыставка Абхазия и Северный Кавказ в период Великой Отечественной войны 1941-1945 - Sputnik Аҧсны
Фотовыставка Абхазия и Северный Кавказ в период Великой Отечественной войны 1941-1945

100 инареиҳаны експонат ԥшаан Санчаратәи акаҵәараҿ имҩаԥгаз аԥшааратә експедициа аусураан.

"Арҭ аԥшаахқәа ртәуп сынтәа Ԥсҳәы ақыҭан анышә иамаадаз 35-ҩык аруаа. Абарҭ зегьы дара ирыдаабалаз маҭәахәқәоуп. Абар амедалион-акапсула. Уаҟа иҭан иара зтәыз асолдаҭ, аминомиотчик Ионов ихьӡ ижәла. Абар аџьыба џьаҟәақәа, акарандашь хҵәахақәа, амҳаҵә, аҳәынҵәрақәа, авинтовкақәа, амаузер, агранатақәа", — ҳәа аекспонатқәа еиқәиԥхьаӡоит амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.

Азал аҟны лабҿаба иубартә еиҭашьақәыргылан аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа ахьырыԥшааз анышәҳәыгәра.

"Ишыжәбо еиԥш хара-бӷьара ишьҭан аминамиоттә хқәа, агранатақәа, ашьапеимаақәа, урҭ рхыхь – аԥсыбаҩқәа. Ҳәарада аԥсыбаҩқәа анышә иамаадеит. Иҟалап аамҭақәак рышьҭахь иҟаз шыҟаҵәҟьаз аарԥшразы агипс иалхны урҭ ара ицәыргақәаҳҵаргьы", — иҳәоит Медвенски.

© Sputnik / Амра АмичбаЭкспозиция элементов вооружения и личных вещей солдат Красной Армии
Экспозиция элементов вооружения и личных вещей солдат Красной Армии  - Sputnik Аҧсны
Экспозиция элементов вооружения и личных вещей солдат Красной Армии

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеии Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵаарадырратә институти еицымҩаԥыргаз аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаартын афотоцәыргақәҵа "Аԥсни Нхыҵ Кавкази 1941-1945шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан" афотосахьақәа ааган аҵарауаҩ Гьаргь Ӡиӡариа иархив аҟынтәи. Урҭ амузеи иеиҭеит аҵарауаҩ иԥа Асҭамыр Ӡиӡариа.

© Sputnik / Амра Амичба Экспозиция элементов вооружения и личных вещей солдат Красной Армии
Экспозиция элементов вооружения и личных вещей солдат Красной Армии  - Sputnik Аҧсны
Экспозиция элементов вооружения и личных вещей солдат Красной Армии

45 фотосахьа ирылан аибашьра зыцрасыз Аҟәа ақалақь асахьақәагьы. Имаҷмызт аибашьцәеи рқыҭауааи, изцеибашьуази, ахәыҷқәеи реиԥылара зныԥшуаз афотосахьақәагьы. Иҟан афронт аҟны иҭыхыз, аибашьцәа Киути Ахвледиании анемец танк анԥыржәоз аазырԥшуаз афотосахьагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0