АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Sputnik Аԥсны асаит аҟны иреиӷьу асахьаҭыхыҩ ҳәа бжьыҭирала далкаауп Диана Хынҭәԥҳа (асахьа "Композиция").
Диана Хынҭәԥҳа лзы рыбжьы рҭиит 178-ҩык аԥхьаҩцәа. Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит 123 бжьы зауз Адгур Амԥар, ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит: Баҭал Џьапуеи Амиран Адлеибеи.
Аԥсны Акультура аминистрра имҩаԥнагаз аконкурс "Ашықәс иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" аҟны иреиӷьу ралкааразы Sputnik асаит аҟны абжьыҭира мҩаԥысуан ԥхынҷкәын 13 — 25 рзы. 12-мш рыҩныҵҟа аԥхьаҩцәа ирыман алшара еиҳа иргәаԥхаз аусумҭа алкаара.
Акультура аминистрра аԥшьгарала имҩаԥгаз аконкурс иалахәын 50-ҩык рҟынӡа асахьаҭыхыҩцәа.
Диана Хынҭәԥҳа —32 усумҭа дравторуп. Лара дазааигәоуп аекспрессионизм астиль. Лара лажәақәа рыла лусумҭақәа анырра рырҭеит фы-шықәса дахьынхоз Африкатәи апеизажқәеи Африка акультуреи.