АҞӘА, ԥхынҷкәын 27— Sputnik. 93 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит СССР жәлар рартист, акомпозитор Владимир Шаински. Ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Шаински ирҿиамҭақәа ирылоуп шәкыла еицырдыруа ашәақәа, ахәыҷқәеи адуцәеи рзы.
Шаински диит ԥхынҷкәын 12, 1925 шықәса рзы, Киев. Киевтәи аконсерваториаҿы иҟаз амузыкатә школ дҭан. Аибашьраан иҵара аанижьыр акәхоит. 1941 шықәса рзы аҭаацәа нхараҳәа ииасит Ташкентҟа. Владимир иҵара иациҵоит Ташкенттәи аконсерваториаҿы.

Советский композитор Владимир Шаинский дает автограф лауреату фестиваля советской песни в Зеленой Гуре
© Sputnik / Борис Бабанов
/ 1945 шықәса рзы Шаински дҭалоит Московатәи аконсерваториа.
Аус иуан Леонид Утесов иоркестр аҿы.
1940 — 1950-тәи ашықәсқәа раан Шаински иашәақәеи имузыкеи ррепертуар иалан Леонид Утесов, Едди Рознер, Рашид Беибутова, Ружен Сикора, Гелена Великанова, Владимир Трошин ррепертуар.

