Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит

© Фото : Пресс-служба президента АбхазииРауль Хаджимба и Владимир Путин
Рауль Хаджимба и Владимир Путин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини еимырдаз адныҳәаларатә шәҟәқәа рҟны иазгәарҭеит аиҩызареи астратегиатә партниорреи ԥхьаҟагьы рымҩаԥгараз русеицура ишацырҵо.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини еимырдеит адныҳәаларатә шәҟәқәа иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рыламҭалаз. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.

"Иаҳхысуа ашықәс аурыс-аԥсуа еимадарақәа рыҿиара иашықәс бзианы иҟан. Агәра згоит ҳажәларқәа рыбзазара армарымажареи, Кавказ иахьаҵанакуа аҭынчреи, ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи ирзырхоу аиҩызареи астратегиатә партниорреи рымҩаԥгараз ҳусеицура ԥхьаҟагьы аизҳара шьахә шаиуа", — ҳәа аҳәоит Владимир Путин иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы.

Рауль Ҳаџьымба ишәҟәаҟны иҳәоит агәрагара шимоу иааиуа ашықәс еиԥш ԥхьаҟатәи ашықәсқәа рызгьы Владимир Путин инапхгарала Урыстәылатәи Афедерациа адинамикатә ҟазшьа зманы иҿиоу тәыланы ишыҟазаауазы.

"Имҩасуа ашықәс азы аурыс-аԥсуа еимадарақәа рыҿиара хра рыманы иҟан. Ҳара иалҳаршеит ҳаизыҟазаашьақәа аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа ирымоу арӷәӷәара, атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны аусеицура арҭбаара, асоциал-економикатә ҿиара амҩала ԥхьаҟа ацара", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҟны.

Иара убасгьы Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, ҭабупгьы ахиҳәааит Урыстәыла Аԥсны аган ахь ҷыдала иаанарԥшуа адгыларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0