Аҟәатәи афымцатә станциа аренда ирыҭахоит

© Фото : фото с сайта я-в-сочи.рфСухум ГЭС
Сухум ГЭС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса рзы аҵыхәтәантәи аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 28 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аӡбрала Аҟәатәи афымцатә станциа аренда ирыҭахоит.

"Апроект иазыԥхьагәанаҭоит аобиект 25 шықәса ҳәа аренда рыҭара. Аренда ахәԥса иартәоит аобиект ахәԥсаҟынтәи 5%. Ахәшьаратә хәыԥса шьақәыргылахоит атехникатә инвентаризациа анымҩаԥыргалак ашьҭахь", — иҳәеит аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аобиект аус ауразы анаплакы аинвестициа дуқәа аҭахны иҟоуп иҳәеит иара.

"Аԥсны аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны иҟарҵараны иҟоу аиӷьтәрақәа зегьы Аԥсны ахатәтәрахьы ииасуеит", — иҳәеит Арӡынба.

Аминистрцәа реилазаараҟны аӡбра рыдкылан еицҿакрыла.

Аҟәатәи афмцатә станциаиахьатәи аамҭазы аус ауам. Иара аргылара иалаган 1934 шықәса рзы, аусура иалагеит 1948 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0