"Ицәааку" Ашықәс ҿыц: 2018 ашықәс ҳҭалоит қәала

© Sputnik / Томас ТхайцукПредновогодняя столица
Предновогодняя столица - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳауагәаҭаҩцәа ргәаҭарақәа рыла ажьырныҳәамзазы Аԥсны асы леиуам.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашықәс ҿыц аухаз Аԥсны ақәа леиуеит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Агитрометеорологиа аҟәша аусзуҩ Лариса Ахԥҳа.

"Асабшаҽны, шьыбжьышьҭахь, амш аҭагылазаашьа аҽеиҭанакуеит, Ашықәс ҿыц ауха инаркны ажьырныҳәа 1 шьыбжьаанӡа, ақәа леилоит, анаҩс амш еилгоит", — нацылҵеит лара.

Ажьырныҳәа 2 инаркны 4 нӡа амш ҭышәынтәалазаауеит, амра ԥхоит, иԥхаррахоит, азгәалҭеит Лариса Ахԥҳа.

"Ажьырныҳәа 4 рзы, ахәылбыҽха, ақәа леир алшоит, 5 инаркны 8- нӡа еиҭа амш еилгоит", — инаҵылшьит лара.

Лариса Ахԥҳа лажәақәа рыла аҳауагәаҭаҩцәа иаарласны Аԥсны асы леиуеит ҳәа макьана ирызҳәом. Дара ргәаҭарақәа рыла ажьырныҳәа мзазы ҳтәылаҿы асы ҟалом.

Ажәабжьқәа зегьы
0