Шәачатәи аҳазалхырҭаҿы Аԥснынтәи арыжәтә ааныркылеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пост Псоу
Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы 180 литра иҟаз арыжәтә аалыҵ ааныркылеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәеи Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи аурыс-аԥсуа ҳәаа закәаншьаҭада иахыргоз арыжәтә аалыҵ ааныркылеит.

"2017 шықәса ԥхынҷкәын 23 рзы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны иаанкылан Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҟынтәи Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырахь ииасуаз автомашьына ГАЗ 2705. Амашьына аԥсҟы зкыз аҳазалхратә хылаԥшра ацәаҳәахьы инеираан ишахәҭоу еиԥш адеклорациа ҟаимҵеит арыжәтә аалыҵ аҳәаа ишахиго азы", — ҳәа аҳәоит аусбарҭа аҳәамҭаҟны.

Аҳазалхыҩцәа амашьынаҟны ирыԥшааит 30 кәалаԥ ауатка рҭаны. Кәалаԥ-цыԥхьаӡа 12-12 ԥаҭлыка рҭан. Зынӡа 360 ԥаҭлыка ыҟан.

Абри аус аганахь ала Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа аусҭҵаара хацнаркит. Атауар акәзар, ахәаахәҭратә експертиза ахысрахь инашьҭуп.

2017 аԥшьбатәи аԥшьбаразы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ихацдыркхьеит 196 ус еиуеиԥшым азинеилагарақәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0