Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
Абар зынӡаск иааигәахеит ҩнызқьи жәаатәи Ашықәс Ҿыц! Традициала ишаҧу еиҧш, уи иадаҳкылоит ҳгәыҕра ҿыцқәа, ҳаихьӡара ҿыцқәа, ҳтәыла аизҳара амҩахь икылызго ашьаҿақәа!
Иҳаҩсуа ашықәс мариамызт. Иҟан иазгәаҳҭаз аусқәа, агәҭакқәа, апрограммақәа ҳара ишаҳҭахыз еиҧш инаҳагӡартә алшара ҳазымҭоз аобиективтәи асубиективтәи уадаҩрақәа. Аха егьа ус акәзаргьы, Аҧсны аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитикаҿы иаарҧшын адинамикатә ҟазшьа змаз аҽазышәарақәа маҷымкәа. Зегь реиҳа ихадароу, азеиҧш политикатә ҭагылазаашьа иаҳа иҭышәынтәалеит.
Иаҳгәалашәозароуп: ҳара-зегьы – жәларык ҳауп, ҳаидызкылогьы ҭоурыхтә лахьынҵак ауп. Убри аҟнытә, ҳаилибакаареи, ҳаизыразреи – альтернатива рымаӡам. Маҷ-маҷ ашьапы иқәгылоит ҳмилаҭтә економика, иаатуа иалагеит анаплакы ҿыцқәа, рымҽхак дырҭбаауеит аграртә ҟәша, акурорттә-туристтә хырхарҭа. Ауаа рсоциалтә ҭахрақәа рыӡбаразы, рматериалтә ҭагылазаашьа шьаҭанкыла аиҕьтәразы, амҩақәа азгәаҭоуп. Уи хықәкыс измоу арезервқәа рыҧшаарагьы шалыршахо азы агәрагара сымоуп.
Гәык-ҧсыкала ҳауаажәлар зегьы шәышҟа исырхоит азеиҕьашьара дуқәа, анасыҧ, агәамч-ҕәҕәа, ҳаҧсҭазаара, ҳаҧсадгьыл ҧхьаҟа изго аихьӡара ҿыцқәа! Шьардаамҭа, акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
31.12.2017 шықәса, Аҟәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба