Аԥсуа ашықәсныҳәатә еишәа: дәрыԥшьаа рабжьагара

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская деревня
Абхазская деревня - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыци Ажьырныҳәеи рыламҭалаз аныҳәатә еишәа аиҿкаашьа ианазхәыцтәу аамҭоуп. Дәрыԥшь ақыҭа анхаҩԥҳәыс Мери Жьиԥҳа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит амилаҭ чыс ала аишәа архиашьа шымҩаԥырго атәы.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Ашықәс ҿыц аиҳараҩык рзы аџьашьахәқәа зцу ныҳәоуп. Аԥсуаа рыҟны иарбанзаалак аныҳәа аишәа ԥшӡаны аиҿкаарала имҩаԥысуеит. Ашықәс ҿыц аныҳәа – уи еиҳагьы ихыркны имҩаԥырго усуп. Мери Жьиԥҳа лажәақәа рыла аԥсуаа еснагь ҷыдала азхьаԥшра рырҭон акәацлых чысқәа.

Абыста  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны

"Сара 72 шықәса сырҭагылоуп. Аԥсуа иныҳәатә еишәаҿы еснагь иқәны исгәалашәоит абысҭа, акәац жәны, акәтыжь џьыкҵәаҵәала иҳәахны", — ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Акәац жьахәҭақәа акыр идуны иржәуеит. Иара ус аишәагьы иқәдыргылоит. Уи иавадыргылоит акәац-ҵаагьы.

"Аӡынразы акәац-ҵаа шамахамзар еснагь аԥсуа иеишәаҿы иуԥылоит. Аныҳәазгьы ҳәарада иқәдыргылоит", — лҳәоит Мери Жьиԥҳа.

Аԥсуаа рҟны ашәишәижьы ҷыдала пату ақәын. Ашәишәижьы ахьықәу аишәа ибеиоу, ибарақьаҭу ҳәа иршьон. Лассы-лассы иуԥылоит аныҳәақәа раан аџьмажьы, ауасажьы. Акәацлых аиҳарак ахаа-мыхаақәа марҭхә ҳасабла ирыҭаны иҟарҵоит.

"Егьырҭ ихымԥадатәиу иреиуоуп: ашәеилаҵа, ашәрҩа, ачаԥа, арашы, ачашә", — лҳәоит аԥҳәыс.

Мери Жьиԥҳа афатә аҟаҵараан акыр ахархәара алҭоит аиаҵәара: аҵыбра, араҳана, амакьындол, акама уҳәа егьырҭгьы. Урҭ роуп афатә зырхаауа ҳәа илшьоит лара.

Абарҭ рыдагьы аныҳәатә, еиҳаракгьы ашықәсҿыцазтәи аишәаҟны иқәуп итрадициахаз асалаҭ – оливие. Аԥсуаа рмилаҭтә чыс бзиа ишырбогьы, атәым милаҭ рчысгьы пату рзақәуп. Абарҭ зегьы хадырҭәаауеит аҩы, ауатка, ахаа-рыжәтәқәа, ҳәарада – амандарина.

"Мандаринада Ашықәс ҿыц ныҳәоуп ҳәа иҳаԥхьаӡом. Уаанӡа аҟаб ҳжәуан мамзаргьы иаҳӡуан. Саныхәыҷыз сан амгьыл лӡуан, аха аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы еиуеиԥшым ахаа хкқәа рыӡра ҳалагеит", — лҳәоит Мери Жьиԥҳа.

Ашықәс ҿыц аан аишәа ҭәны игылазароуп, абарақьаҭра, амарымажара ацзароуп лҳәоит лара аҵыхәтәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0