Лукава изҵаарала Жәлар реизара адепутацәа еилацәажәон быжьсааҭк инарзынаԥшуа

© Sputnik / Илона ХварцкияЗаседание парламента по вопросу помилования Георгия Лукава
Заседание парламента по вопросу помилования Георгия Лукава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 25 2017 шықәса рзы Гьаргь Лукава, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбамҭала Аԥсны иҟаиҵаз ацәгьоурақәа рзы, 20 шықәса аҭакра зықәҵаз, қырҭтәыла анапхгара изакәанымкәа дахьрыҭахаз аилкааразы Аԥсны Жәлар реизараҿы еиҿкаауп акомиссиа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. Гьаргь Лукава изакәанымкәа иоужьра азкын изаамҭанытәиим Жәлар реизара аилатәара. Уи иалахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа аминистрреи, ашәарҭадара амаҵзуреи, Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи, Апрокуратура хадеи рнапхгаҩцәа. Аилатәара мҩаԥысуан быжьсааҭк инарзынаԥшуа.

Акомиссиа иалоуп Жәлар реизара адепутатцәа Илиа Гәниа, Валерии Агрба, Алхас Џьынџьал, Дмитрии Дбар, Инал Ҭарба, Асҭамыр Логәуа. Акомиссиа дахагылоуп — Рауль Лолуа.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба иажәақәа рыла, Гьаргь Лукава, Аԥсны Аконститутциа 53 ахәҭаҷ инақәыршәаны, атәыла ахада иқәҵарала даушьҭын жьҭаара 27 2017 шықәса рзы.

Аԥсны иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбамҭала Гьаргь Лукава иҟаиҵаз ацәгьоурақәа рзы иқәҵан 20 шықәса аҭакра, убри аан аҳәынҭқаррахь 225000 мааҭ ахараԥса алаигалар акун.

Қырҭтәыла аган Лукава дрыҭан атәыла ахада идҵала, Нхыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсныи Қырҭтәылеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр.

"Лукава еиԥш ацәгьауаҩы иаушьҭра азин ыҟома" ҳәа ицәырҵыз азҵаараҿы, Аԥсны апрокурор хада ҭакс иҟаиҵеит "аҳәынҭқарра аинтересқәа ирыҵаркуазар, дарбанзаалак даушьҭызарц шалшо".

Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа иазҵаауан, илшозма атәыла ахада ихала Лукава иаушьҭразы аӡбамҭа адкылара.

"Атәыла ахада имоу алшарақәа рацәоуп. Ас еиԥш ацәгьоурақәа ҟазҵаз изакәанымкәа даушьҭызар, иҟаҵан агха. Сара акомиссиа садгылоит", — иҳәеит Габниа.

Анаҩс адепутатцәа реилатәара мҩаԥысуан ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

Қырҭтәыла анапхгара Гьаргь Лукава иҭаразы аматериалқәа рыҭҵааразы акыраамҭа ицоз аилацәажәара ашьҭахь, Жәлар реизара ахыбра азааигәара игылаз ауаа рацәа рахь инеит адепутатцәа.

Жәлар реизара адепутат Рауль Лолуа иажәақәа рыла, иҟоуп Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Аԥсны ахада иахь иҟаиҵаз аашьҭымҭа, уаҟа иазгәаҭоуп Қырҭтәыла иҭаку Уаԥстәыла аруаа рхы ақәиҭтәразы аҳәара.

"Адепутатцәа ирызҵәырҵит еиуеиԥшым азҵаарақәа, имазма атәыла ахада Аконституциа азакәан инақәаршәаны ихала ацәгьауаҩы иаушьҭразы адҵа аҟаҵара. Макьана уи еилкаамкәа иаанхоит", — иазгәаиҭеит Лолуа.

Апарламент аҿы иаԥҵоу акомиссиа аусура иацнаҵоит Гьаргь Лукава иаушьҭразы азакәан шьаҭа ахьынӡа амоу аилкааразы.

"Иахьа иқәыргылаз азҵаарақәа зегьы рҭак ҳмоуит. Алкаа аҟаҵаразы уаҵәы ҳусура иацаҳҵароуп", — инаҵишьит адепутат.

Жәлар реизара адепутатцәа ирҳәеит ахәашаҽны ажьырныҳәа 5 рзы акомиссиа алкаақәа шыҟанаҵоу, Аԥсны ахада Гьаргь Лукава иаушьҭра азин ахьынӡа имаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0