Реиҳа зыхәԥса дуу ашьапылампыласыҩцәа

© REUTERS / Stephane MaheНеймар
Неймар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Неимар да Силва Сантос Жуниор – франциатәи акоманда "Пари Сен-Жермен" ажәылаҩ реиҳа аԥара зхыршәаауа шьапылампыласҩуп ҳәа дшьоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10— Sputnik. Инеиԥынкыланы ҩышықәса ашьапылампыласыҩ Неимар да Силва Сантос Жуниор – франциатәи акоманда "Пари Сен-Жермен" ажәылаҩ реиҳа аԥара зхыршәаауа шьапылампыласҩуп ҳәа дшьоуп. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Неимар аԥхынразы "Барселона" аҟынтәи "ПСЖ" ашҟа ииасра иахшәаан 222 миллион евро. Иахьазы иара иеилаӡара иартәоит 213 миллион евро.

Геннадий Головкин - Sputnik Аҧсны
2017 шықәсазтәи иреиӷьу абоксиор далкаауп

Неимар дишьҭанеиуеит "Барселона" ахәмарҩы Лионель Месси (202,2 млн евро). Ахԥатәис дшьоуп "Тоттенхем" ахәмарҩы Харри Кеин (194,7 млн евро).

Ҵыԥх абыжьбатәи аҭыԥ аанызкылоз апартугал спортсмен Криштиану Роналду мадридтәи "Реал" ахәмарҩы уажәы 49-тәи аҭыԥ ааникылоит. Иара изы иршәоит 80,4 миллиоа евро.

Реиҳа аԥара ззыршәо ҳәа иԥхьаӡоуп: Килиан Мбаппе ("ПСЖ", 192,5), Пауло Дибала ("Ювентус", 174,6), Деле Алли ("Тоттенхэм", 171,3), Кевин де Бреине ("Манчестер Сити", 167,8), Ромелу Лукаку ("Манчестер Юнайтед", 164,8) Антуан Гризманн ("Атлетико", 150,2), Поль Погба ("Манчестер Юнайтед", 147,5).

Ажәабжьқәа зегьы
0