Акинофильм "Валаам" аӡыргара мҩаԥгахоит телехәаԥшрала

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПосещение Святейшим Патриархом Кириллом острова Валаам
Посещение Святейшим Патриархом Кириллом острова Валаам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атележурналист Андреи Кондрашов идокументалтә фильм аҟны иалоуп Урыстәыла Ахада Владимир Путин иинтервиуқәа ҩба.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит Валаам раԥхьатәи ахаҳәтә џьар шықәиргылаз иԥшьоу апостол Андреи Аԥхьанаԥхьа, Урыстәыла иахылаԥшхәу. Атәыла Ахада иҳәеит Валаамтәи аберҭыԥ азыгәдура ду ишаԥсо.

Уаанӡа, акиносахьа автор, атележурналист Андреи Кондрашов РИА Новости иазааицҳахьан "Валаам" аӡыргара мҩаԥысраны ишыҟоу амҽыша, ажьырныҳәа 14 рзы.

Атәыла Ахада иакәзар, ишилшо ала Валаам аҭаара бзиа ибоит. Иара иҳәеит Валаам аурыс уаҩ игәаҵаҿы аҭыԥ нкыланы ишыҟоу, ԥхьаҟагьы ус иҟалап ҳәа агәыӷра шимоу. Адокументалтә фильм иалоуп Путин иҟаиҵаз аинтервиуқәа ҩба, аберҭыԥ артефактқәа, уаанӡа аекран ахь ицәыррымгацыз акинохроника акадрқәа.

Валам Аҩадатәи Урыстәыла акалҭ иахьаҵанакуа зегь раасҭа зышықәс дуу берҭыԥуп, ԥшьаҭыԥуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0