Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба абызшәа иазкны: 25 шықәса иреиҵоу аԥсшәа зынӡа ирыздыруам

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла абызшәа адырразы аҭагылазаашьа иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит, 25 шықәса иреиҵоу аԥсшәа зынӡа рыздырӡом, иҳәеит Ҭырқәтәыла акультуратә хеидкылақәа рхантәаҩы Аҭанур Аҟәысба, Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аԥсны иҟазаара аамҭа иалагӡаны арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы.
"Хра злоу ахҭысқәа": Аҭанур Аҟәысба Ҭырқәтәыла абызшәа аҭагылазаашьа иазкны

"Ҳхеидкылаҿы 50-60 рҟынӡа ауааԥсыра абызшәа рҵоит, аха уи азхом. Хықәкыс исымоуп есышықәса Ҭырқәтәылеи Аԥсныи инхо ахәыҷкәа еиҭанеи-иааилартә еиԥш аҟаҵара. Аԥсны аҭоурыхи абызшәа дырҵаразы уи ихәарҭоу усуп ҳәа сахәаԥшуеит", — иҳәеит Аҭанур Аҟәысба.  
Шәазыӡыҩрла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0