Аныҳәамшқәа раан Аԥсны иаҭааит 8 000-ҩык инареиҳаны атуристцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукЖаркий декабрь в Сухуме
Жаркий декабрь в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла атуристцәа Аԥсныҟа аара иалагеит ԥхынҷкәын 29 инаркны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан Аԥсны иаҭааит 8 000-ҩык инареиҳаны атуристцәа иҳәеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

Иара иажәақәа рыла атуристцәа Аԥсныҟа аара иалагеит ԥхынҷкәын 29 инаркны. Урҭ арахь ԥсшьараҳәа раара хыркәшахеит ажьырныҳәа 9 рзы, ашықәс ҿыцазтәи аныҳәамшқәа анынҵәа ашьҭахь.

"Аиҳарак аԥсшьаҩцәа рҭааит Гагра, Афон ҿыц, Аҟәа. Уаҟатәи аобиектқәа ҭәын ҳәа уҳәар алшоит. Ара иазгәаҭатәуп аԥарарҳара адагьы аҵакы аманы ишыҟоу асасааирҭақәа римидж, урҭ аԥсшьаҩцәа рыдкылара ишазыхиоу", — иҳәеит иара.

Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит абарҭ аамҭақәа рзы ишыҟаз 100 % иҭәыз асасааирҭақәа.

Граница. - Sputnik Аҧсны
Ажьырныҳәа 4-5 рзы 10 000 рҟынӡа машьына аҳәаа иахысит

"Гагра араион аҿы иҟан 100%, 80%, 30% иҭәыз асасааирҭақәа. Иара убри аан иҟан асасцәа рыдкылара мап ацәызкыз, избанзар урҭ заралхон", — иҳәеит иара.

Еснагь еиԥш аԥсшьаҩцәа рзы еиҳа ахыԥша змаз маршрутқәаны иҟан Риҵа, Иуԥшара, Ауадҳара. Ҵыԥхтәи ашықәс иадкылан уахәаԥшуазар, иахьатәи аамҭазы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳан.

"Ус шакәугьы ҳара аӡынтәи аԥсшьара ишахәҭоу еиԥш амҩаԥгара ҳазыхиам. Иахьазы уи ҳара иаҳтәым", — иҳәеит иара.

Асҭамыр Ахба агәра игоит Аԥсны азхьаԥшра зҭатәу аԥхынтәи атуризм ауп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0