Аҭоурыхтә драма аԥсуа сценаҟны: "Қьалашьбеи" аҿартә театр рыхәмарраҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля молодежного театра "Келешбей"
Премьера спектакля молодежного театра Келешбей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр иааныртит атеатртә сезон - қәгыларак змоу, аҭоурыхтә драма "Қьалашьбеи" ала. Аспектакль иалахәын 21 ҩык актиорцәа. Аҭоурыхтә драма ақәыргылаҩ – арежиссиор Шьалуа Гыцба.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны аҳәынҭқарра адраматә театр асценаҟны аҿартә театр актиорцәа ахәаԥшцәа иддырббеит Анзор Мықәба иҩымҭа иалху аспектакль "Қьалашьбеи" аԥшьаша, ажьырныҳәа 18 аҽны.

Аспектакль ықәыргылоуп Анзор Мықәба ипиесала, ианыԥшуеит Аԥсны XIX ашәышықәсазы имҩаԥысуаз ахҭысқәа. Иара ихьӡ Кавказ акәша-мыкәша зегьы ирдыруан. Аҳ иполитика ззырхаз Ҭырқәтәыла аҳраҟнытә Аԥсны аҵыҵра акун.

Ахыҿсахьа хада- Қьалашьбеи ироль наигӡеит Аслан Анқәаб. Иара иажәақәа рыла, ароль аҽагәылахалара акырӡа ицәыуадаҩын.

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля молодежного театра "Келешбей"
Премьера спектакля молодежного театра Келешбей - Sputnik Аҧсны
Премьера спектакля молодежного театра "Келешбей"

"Ақәыргыламҭа раԥхьатәи арбара еснагь агәы хыҭхыҭра ацуп, еиҳарак аҳ ироль анынаугӡо. Уи шуқәҿиаз ахәаԥшцәа роуп издыруа. Имӡакәа исҳәоит, ҩнуҵҟала акырӡа сыҽсырӷәӷәеит, ихаҿсахьа сҽагәыласырхалеит. Ароль салашьцылеит", — иҳәеит актиор.

Ахәаԥшҩы Гәырам Амқәаб иажәақәа рыла, аспектакль — аҭоурых аанырԥшуеит, ажәытәра ада аҿатә зыҟалом.

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля молодежного театра "Келешбей"
Премьера спектакля молодежного театра Келешбей - Sputnik Аҧсны
Премьера спектакля молодежного театра "Келешбей"

"Аҿартә театр актиорцәа ирылшеит иуадаҩыз апиеса ақәыргылара, аҭоурых аарԥшра. Аҭоурых ахь ухьазырԥшуа атеатр, уи акырӡа иҵаулоу, театруп. Иҟаз, ажәытәрахь ихьаԥшуа ажәлар —аԥеиԥш змоу жәларуп. Иҳаракны ихәмарын Қьалашьбеи ироль. Спектакль цыԥҳьаӡа ари атеатр аизҳара иаҿуп, аԥеиԥш бзиа змоу театрны сахәаԥшуеит", — иҳәеит Амқәаб.

Аҳ Қьалашьбеи иҭоурых, уи Аԥсны данахагылаз аамҭа, изныкымкәа иазхьаԥшхьан ашәҟәыҩҩцәа. 1950 шықәсазы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны иқәдыргылахьан аҭоурыхтә пиеса "Асас еиқәаҵәақәа" Гьаргь Гәлиа иповест ала.

Еиҳа иуадаҩу —аҭоурых ацәхьамҵра ауп, лҳәеит Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа.

"Шаҟаҩы ахәаԥшцәа ыҟоу аҟара, ргәаанагарақәагьы ыҟоуп. Зегьы иргәаԥхо иаҳзыҟамҵазаргьы, акырӡа аџьабаа ҳбеит. Ҳтеатр ыҟоуп — абри ақәыргыламҭала абри ҳҳәар ҳҭахын", — лҳәеит Софа Агәмааԥҳа.

Аҭоурыхтә драма "Қьалашьбеи" автор, аԥсуа драматург Анзор Мықәба, апиеса аҩра дазхьаауан 30 шықәса инарзынаԥшуа. Иҩны салгеит Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра алагамҭаз. Иара иажәақәа рыла акырӡа еиуеиԥшым аҭоурыхтә ҩымҭақәа дрыԥхьеит, ахыҿсахьақәа раарԥшразы. Анзор Мықәба гәахәарыла идыикылеит актиорцәа ҿарацәа рыхәмарра.

"Қьалашьбеи ижәлар, иԥсадгьыл бзиа ибон, иҭахын ихьыԥшымра рымазарц, аха игәҭакы дахьымӡеит. Ақәыргыламҭаҿы иаарԥшӡам уи иԥырхагахаз. Ари атеатр аԥсышәала ицәажәоит, аҿартә театр ацхыраара атахуп",- иҳәеит автор.

Анзор Мықәба ипиесала иқәыргылоу аспектакль ахәаԥшцәа идырбахоит ажьырныҳәа 19, 25 рзы аԥсуа драматә театр асценаҟны.

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля молодежного театра "Келешбей"
Премьера спектакля молодежного театра Келешбей - Sputnik Аҧсны
Премьера спектакля молодежного театра "Келешбей"
Ажәабжьқәа зегьы
0