Ахәшәқәа хәыда-ԥсада: аҳәынҭқарратә Дума аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФармацевтическая фабрика на востоке Дамаска в районе Баб аль Шарки
Фармацевтическая фабрика на востоке Дамаска в районе Баб аль Шарки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны иахьаҵанакуа инхо Урыстәыла атәылауаа хәыда-ԥсада хәшәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын рашәарамза 22 2017 шықәса рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik. Ахәашаҽны Аҳәынҭқарратә Дума иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны иахьаҵанакуа инхо Урыстәыла атәылауаа хәыда-ԥсада хәшәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥснынтәи инашьҭу адырра ҷыдақәа шьаҭас иҟаҵаны Урыстәылатәи Афедерациа ареспублика афинанс цхыраара анаҭоит, хәшәыла еиқәнаршәоит.

"Хәшәыла еиқәыршәахо рахь иаҵанакуеит аинвалидцәа. Ахәшәқәа ахьрырҭо апункт ҷыдақәа аартхоит Гагреи Тҟәарчали", — иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Зегь раасҭа ихаданы Ҭамаз Ҵахнакьиа иишьо аинвалидцәа ррегистр аиҿкаароуп.

"Аҵак ду аманы иҟоуп аинвалидцәа ахьынхо аҭыԥ аҿы рецептда ахәшәқәа рзеихаҳшалартә аҟаҵара", — иҳәеит Ҵахнакьиа.

Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит ахәшәқәа Урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи апаспорти аинвалидраз аршаҳаҭга умани шакәу ишурҭо.

Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны иахьаҵанакуа инхо Урыстәыла атәылауаа хәыда-ԥсада хәшәыла реиқәыршәаразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын рашәарамза 22 2017 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0