Кәарацхьелиа: 800-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ашьапылампыл иасуеит

© Sputnik / Артем Житенев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТренировка детской футбольной команды. Архивное фото.
Тренировка детской футбольной команды. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы еизгоу амилаҭтә команда азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиа ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа апрезидентс далхын ажьырныҳәа 25 2017 шықәса рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik. Аԥсны ашьапылампыл бзиа ирбоит, 800-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ашьапылампыл иасуеит ҳәа азгәеиҭеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз, ашьапылампыл азы еизгоу амилаҭтә команда азыҟаҵаҩ хада, ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа апрезидент Џьума Кәарацхьелиа.

Иара агәра игоит ашьапылампыл апатриотизмра уланааӡоит ҳәа.

"Ашьапылампыл коллективуп, еиҩызароуп, еинырроуп. Сара ашьапылампыл апатриотизмра сыланааӡеит. Аҩбатәи акласс аҟны стәан ашьапылампыл ахь саннеиз. Ҳара Аԥсны анҭыҵ аҩызцәа рацәаҩны иҳамоуп. Урҭ ҳхәыҷқәа рыхәмаршьа ргәаԥхоит. Краснодартәи азыҟаҵаҩцәа ԥшьҩык ҳахәмарыҩцәа қәыԥшцәа ргахьеит", — иҳәеит иара.

Беслан Аджинджал - Sputnik Аҧсны
ConIFA-2018 аԥхьагылаҩцәа ҳәа иԥхьаӡо ахҳәаа рзыҟаиҵеит Беслан Аџьынџьал

Иара убри аан Џьума Кәарацхьелиа иҳәеит ашьапылампыл азы аамҭа рацәак ибиоуп ҳәа шузымҳәо.

"Аҭаацәа аԥара еизыргоит ахәыҷқәа атурнирқәа рахь ицаразы. Аԥаразоужьра азҵаара акыр иҵаруп. Атәыла Ахада изныкымкәа ацхыраара ҳаиҭахьеит", — иҳәеит иара.

Ииасыз ашықәс акәзаргьы ауадаҩрақәа ацын.

"Иҟан апроблемақәа ConIFA аверсиала Европа ачемпионат ахь ҳкоманда ацараан, аха ҳара иҳалшеит апроблема ӡбаны уахь ацара, аԥшьбатәи аҭыԥ аанкылара", — иҳәеит иара.

Уажәы адунеи ачемпионат алахәхаразы амилаҭтә команда ашьақәыргылара иаҿуп.

"25-ҩык алххоит. Иреиӷьқәоу цоит. Азыҟаҵаҩцәа Беслан Гублиеи Беслан Аџьынџьали уи аус рнапы иануп", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Афедерациа апрезидент иҳәеит Аԥсны ачемпионат ишалаго жәабран 28 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0