АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь аҟны аӡымҩангага ҿыцқәа рышьҭаҵара иаҿуп, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә план аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭаиҳәеит АУН "Аӡыканал" аҟазауаҩ Важьа Кәыҵниа.
"Ҳара уажәы Араион ҿыц аҟынтәи Аҟәатәи аинтернат аҟынӡа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара ҳаҿуп", — иҳәеит иара.
Аусурақәа ирылаган мчыбжьык аԥхьа. Абри аамҭала 500 метра инарзынаԥшуа атрубақәа шьҭаҵан. Ишьҭаҵатәны иҟоуп 5 километрак инарзынаԥшуа аӡымҩангагақәа.
"Адгьылқәа ахьымҳәазо аҭыԥқәа рҿы апластикатә трубақәа шьҭаҳҵоит, адгьылқәа ахьыҳәазо аҭыԥқәа рҿы — аихатәы. Апластикатә трубақәа Краснодарнтәи иааҳгоит, аихатәы трубақәа Москвантәи иаҳзаарышьҭуеит", — иҳәеит Важьа Кәыҵниа.
Аинвестициатә программа инақәыршәаны аӡымҩангагақәа хышықәса рыҩныҵҟа ишьҭаҵаны иалгоит.
Аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь, аҳҭнықалақь аҟны аӡы ԥымкрада иҟалоит, апластикатә трубақәа ракәзар, рхархәара 70 шықәса рҟынӡа артәоит иҳәеит Кәыҵниа.