00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Акультура аминистрра: Ҭодуа иконцерт ҳалаҟьашьым

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистация Гал.
Администация Гал. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мариинтәи атеатр аоператә шәаҳәаҩы Георги Ҭодуа иконцерт мҩаԥысит Галтәи Акультура Ахан аҟны ажьырныҳәа 24 рзы. Ҭодуа иконцерт ашьҭахь ақырҭуа ҭыжьымҭа аинтервиу анеиҭоз иҳәеит иара абри аконцерт амҩаԥгаразы ихатәы зыҳәа шықәиргылаз: қырҭшәала ашәаҳәара азин иоурц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik. Мариинтәи атеатр аоператә шәаҳәаҩы Георги Ҭодуа иконцерт амҩаԥгара ишалахәым азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны Акультура аминистрра, ажьырныҳәа 29 рзы.

"Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистрра ауаажәларреи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәеи иднардыруеит Галтәи Акультура Ахан аҟны ажьырныҳәа 24 рзы имҩаԥысыз, Мариинтәи атеатр аоператә шәаҳәаҩы Георги Ҭодуа иконцерт аиҿкаара ишалаҟьышьым", — ҳәа аҳәоит аусҳәарҭа аофициалтә пресс-релиз аҟны.

Тимур Надарая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Надараиа: ашәаҳәаҩ Ҭодуа "ауасацәа ихарԥаны" дааит

Аҳәамҭаҟны иара убасгьы иазгәаҭоуп Акультура аминистрра акомпетенциа аҳәаақәа ирҭагӡаны хылаԥшра знаҭо аусбарҭақәа Гал араион Ахадара акультура аҟәша шаҵанамкуа, аминистрреи акультура аҟәшақәеи реинырра арзаҳалқәа роура ашьҭахь шаку ианымҩаԥысуа. Ҭодуа иконцерт аганахьала иарбанзаалак дыррак, рзаҳалк ҟаҵамызт.

Мариинтәи атеатр аоператә шәаҳәаҩы Георги Ҭодуа иконцерт мҩаԥысит Галтәи Акультура Ахан аҟны ажьырныҳәа 24 рзы. Ҭодуа иконцерт ашьҭахь ақырҭуа ҭыжьымҭа аинтервиу анеиҭоз иҳәеит иара абри аконцерт амҩаԥгаразы ихатәы зыҳәа шықәиргылаз: қырҭшәала ашәаҳәара азин иоурц.

Ашәаҳәаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа иашам ҳәа азиҳәеит араион Ахада Ҭемур Надараиа, ашәахьа, ажьырныҳәа 29 рзы Аҟәа имҩаԥигаз абрифинг аҿы.

"Ҭодуа иинтервиу ҳара ҳзы ӡыхьшәашәак еиԥшхеит. Иқәгыларагьы провокациан аханатәгьы, аха ҳара уи ҳазгәамҭеит. Ҳара ҳазжьаз иара изныкымкәа арахь дахьаахьаз, Гал дахьатәыз, иахьизҳаз, Урыстәыла дахьатәылауаҩу, иҭаацәа, иуацәа-иҭынхацәа ара иахьынхо ауп", — иҳәеит Надараиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0