Аррамаҵзурауаа рылшарақәа аадырԥшит

© Фото : Пресс-служба ЮВОРоссийские расчеты ракетных комплексов "Штурм-С" ЮВО в Абхазии в ходе тренировки поразили группу бронетехники противника
Российские расчеты ракетных комплексов Штурм-С ЮВО в Абхазии в ходе тренировки поразили группу бронетехники противника - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа адәытә ҽазыҟаҵарақәеи разыҟаҵара агәаҭареи рҳәаа иҭагӡаны ақалақьтәи адәытәи мҩа уадаҩқәа ирхысит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа амашьынарныҟәцаҩцәа ргәыԥ адәытә ҽазыҟаҵарақәеи разыҟаҵара агәаҭареи рҳәаа иҭагӡаны 200 километра инарзынаԥшуа ақалақьтәи адәытәи мҩа уадаҩқәа ирхысит ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Военная техника 58-й общевойсковой армии ЮВО - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә округ аруаа аҽыхьчаратә тактиказы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аррамаҵзурауаа иаалырҟьан ршьапы иқәыргылан, аҽазыҟаҵаратә комплексқәа ирхыжьын. Аҵаратә зыҟаҵарақәа инарықәыршәаны атехника арныҟәаҩцәа 200 километра инарзынаԥшуа Аԥснытәи амҩақәа ирхысит.

Астафьев иажәақәа рыла амашьынарныҟәцаҩцәа ашьхатә ӡиасқәа, ахаҳәҿыбгаррақәа, ахыҵәрырақәа, аҭҳәаақәа уҳәа реиԥш иҟоу аԥсабаратә ԥынгылақәа ирхысит.

Арратә машьынарныҟәцаҩцәа Аԥсны азыҟаҵарақәа ихрыжьуан. Азыҟаҵарақәа реиҳарак мҩаԥыргон уахынланы.

Арратә база амашьынарныҟәцаҩцәа рыхәҭа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон аполигонқәа "Ҵабал", "Нагвалоу" рҟны. Амашьынарныҟәцараз азшьақәа рырҭараны иҟоуп зхысра уадаҩу аҭыԥқәеи амҩақәеи рҟны арратә штаттә техника арныҟәцаразы 49-тәи азеиԥшар афицарцәа.

Апресс-маҵзура аиҳабы Виктор Астафьев иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 700-ҩык инарзынаԥшуа Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 100 инареиҳаны арратә техника, ирхысын 200 километра рҟынӡа амҩақәа. Убри аан ахархәара рыҭан ҳаамҭазтәи акәылӡтәи техника БТР-82М, атанкқәа Т-72Б3, автомашьынақәа КамАЗ, УАЗ, УРАЛ, ГАЗ, аидарамҩангагақәа КамАЗ "Мустанг".

Ажәабжьқәа зегьы
0