АҞӘА, ажьырныҳәа 30— Sputnik. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ажьырныҳәа 27 рзы аҳазалхра аусхк аҟны Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иахьырныруазы аҽыԥныҳәақәа ҟанаҵеит.
Абри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭеит Урыстәыла ахымҩаԥгашьа ашьклаԥшра Қырҭтәыла аус алам ҳәа.
"Оумашәа ибаны иҳадаҳкылеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽыԥныҳәақәеи агәынамӡарақәеи аԥсуааи ауаԥсааи ҳареи ҳаизыҟазаашьазы. Ҵаҵӷәыда акритика аҟаҵара ацынхәрас Қырҭтәыла иныҭкааны иҭнаҵаара акәын 2011 шықәса абҵара 9 рзы ҩ-ганктәи ақырҭуа-аурыс еиқәышаҳаҭра аҳазалхратә напхгареи ахәаахәҭра ахылаԥшреи рзы" ҳәа аҳәоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырраҭара.
Аусҳәарҭаҿы иазгәарҭеит ақырҭцәа иҟарҵо ахҳәаақәа ишаадырԥшуа дара абри аиқәшаҳаҭра зынӡаск аҵакы шырзымдыруа.
"Аиқәшаҳаҭра иаарласны аусура иалагароуп швеицариатәи ахылаԥшратә еилахәыра анапхгарала", — рҳәеит адәныҟаполитикатә усҳәарҭаҟны.
Уаанӡа аминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин агазеҭ "Коммерсант" аинтервиу аҭо иҳәахьан Урыстәыла хаар имгакәа ишыхнаркәшо аиқәышаҳаҭразы ихымԥадатәиу аҳәынҭқарраҩныҵҟатә уснагӡатәқәа.
2011 шықәса абҵара 9 рзы аҳазалхратә напхгареи ахәаахәҭра ахылаԥшреи рзы ҩ-ганктәи ақырҭуа-аурыс еиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра алыршахеит Қырҭтәыла Ахада Михаил Саакашвили Урыстәыла ВТО алаларазы аԥкра анааннакыла ашьҭахь.