Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Царгәыш ирҿиаратә мҩа иазкны: иакәым ҟасымҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВасилий Царгуш
Василий Царгуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреиат, Жәлар рыкәашаратәи рашәаҳәаратәи аҳәынҭқарратә ансамбль анаԥхгаҩы, "Ахьӡ- аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Уасил Царгәыш жәабран 1 аҿны иихыҵит 80 шықәса. Аиубилиар Sputnik арадиостудиаҿы дазааҭгылеит ирҿиаратә мҩа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Уасил Царгәыш ирҿиаратә мҩа иазкны

"Сыԥсҭазаара зыхҭнысҵаз ансамбль ажәытәан иамаз алшарақәа аатырц сҭахуп. Ансамбль иалоу аҿар рықәра маҷуп, апрограмма зегьы рдыруеит. Сықәра амаӡа – уи Анцәа дахьысхылаԥшуа ауп. Сыԥсҭазаара зегьы акы сгәамԥхауа, иакәым акы аланы исхысымгеит, уи азы Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит", — иҳәеит Царгәыш.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0