Аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара зыгәҭакыз даанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРабота таможенной службы на КПП Псоу
Работа таможенной службы на КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
17-шықәса зхыҵуа Москва инхо аҭыԥҳа лганахь ала аҳәынҭқарратә ҳәаа еилалгеит ҳәа ашьаус хацыркуп.

АҞӘА, жәабран 7 — Sputnik. Шәача ақалақь аҟны 17-шықәса зхыҵуа Москва инхо аҭыԥҳа лганахь ала аҳәынҭқарратә ҳәаа еилалгеит ҳәа ашьаус хацыркуп. Лара лаҳәшьеиҳаб лтәылауаҩшәҟәы ала аҳәаа дахысны Аԥсныҟа даарц лҽазылшәон. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аусбарҭа ишаанацҳауала зықәра намӡац аҭыԥҳа лҩызцәа дрыцны Амшын еиқәахь ԥсшьара дааит. Аамҭақәак рзы дара ирыӡбеит Аԥсныҟа иааирц.

"Аҭыԥҳа лықәра иаҿырԥшны анатариус ишьақәирӷәӷәаз лҭаацәа рақәшаҳаҭрада аҳәаа ахысра азин шлымамыз еилкаауа, 22-шықәса зхыҵуаз лаҳәшьеиҳаб лтәылауаҩшәҟәы ала аҳәаа дахысырц лыгәҭалкит", — ҳәа аҳәоит Аҳәаахьчаратә маҵзура аусбарҭа адырраҭараҟны.

Зықәра намӡац аҭыԥҳа лганахь ала ашьаус хацыркуп Урыстәылатәи Афедерациа ашьаус ахәҭаҷ 322, 1 ахәҭа инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0