АҞӘА, жәабран 7– Sputnik, Бадри Есиава. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара иазкыз Лыхны ақыҭа Алгыҭ аҳаблаҿ иргылоу амемориал идырым џьоукы ааха арҭеит. Абри аус аҭҵаара иаҿуп азинхьчаратә органқәа ҳәа Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭеиҳәеит архитектор, амемориал автор Игор Смыр.
"Угәы узырхьша ахҭыс аҭыԥ аман. Авандалцәа араионқәа рыхьӡ зныз аҭыӡҩыра амыржәеит, аскульптура аԥынҵа ԥырҽит. Уажәы аусҭҵааҩцәа аусура иаҿуп. Уаҵәы аибашьра аветеранцәа, араион анапхгара, ақыҭа ауааԥсыра, иҭахаз рҭаацәа, аныхаԥааҩцәа еизараны иҟоуп. Дҵаны иқәҳаргылоит асеиԥш ҟазҵаз дызтәу дцәырыргарц", — иҳәеит иара.
Иара игәаанагарала асеиԥш ҟазҵаз дхәыҷымзар ҟалап, иалшоит ижәны дыҟазар.
Амемориал аргылара хыцыркын 2017 шықәса ааԥынразы. 2018 шықәса хәажәкырамзазы ахыркәшара азыԥхьагәаҭан. Амемориал ҵакырала 230 метр ԥшьыркца иҟоуп.