Аполитолог далацәажәеит Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ззеиӷьу ртәы

© AFP 2023 / ANWAR AMROРекс Тиллерсон
Рекс Тиллерсон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америка иахәаԥшуеит урыстәылатәи ахаҿқәак рганахь ала асанкциа ҿыцқәа ралагалара азҵаара иҳәеит аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Рекс Тиллер.

АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik. ЕАШ (США) иҟанаҵо ауснагӡатә ԥкырақәа ирыҵубаауеит Вашингтон аинтересқәа ҳәа радио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аполитолог Владимир Оленченко.

Иара иазгәеиҭеит "Тиллерсон иажәақәа ҵаҵӷәны ириҭо америкатәи аконгресс аамҭақәак рзы иаднакылаз США иаҿагыло зегьы рганахь аҭактә уснагӡатәқәа рымҩаԥгароуп" ҳәа.

"Имҩаԥысуа аусқәа зегьы рзы ихаданы иҟоу аекономикатә интересқәа роуп. Сгәы иаанагоит Америка иаҭахуп апозициақәа рырӷәӷәара, иаҳҳәап бџьарла ахәаахәҭраҿы, анефҭ аҵхра аусхк аҿы, анефҭ иалхны аалыҵ аҟаҵараҿы. Тиллерсон дызлацәажәо нагӡахозар, абарҭ аусхкқәа рҿоуп иахьынагӡахогьы", — иҳәеит европатәи аҭҵаарақәа Рцентр адиректор Владимир Оленченко.

Здание МИД Германии, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Германиа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа раԥыхра иалацәажәеит

Уаанӡа США аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Рекс Тиллер аҳәамҭа ҟаиҵахьан Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа алагалахозар урҭ Вашингтон аекономикатә интересқәа рыхьчароуп иззырхахо ҳәа.

Тиллер иҳәеит абри аус аганахь ала раԥхьатәи ашьаҿақәа шыҟаҵо. Убас, аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны урыстәылатәи арратә техника аҭиразы еилаӡарақәак еиԥырҟьан.

"Ҳара уажәы иҭаҳҵаауеит хаҿқәак, зганахь ала асанкциақәа аԥҵахар алшо", — иҳәеит Тиллерсон.

"Кремльтәи асиа", ажьырныҳәамзазы США Афинансқәа рминистрра иакьыԥхьыз, аҟны рыхьӡ ҳәан 210-ҩык анаплакыҩцәа. Уаанӡатәи адырраҭарақәа рыла, США Роберт Миуллер апрокурор 13-ҩык урыстәылауааи аилахәырақәа хԥеи ақәыӡбара рыҭан "США иаҿагыланы аиқәшаҳаҭра" ахәҭаҷи "аԥаршеимҩаԥгара" ахәҭаҷи инарықәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0