Киевтәи арадикалцәа Россотрудничество ахыбра иақәлеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция с требованием отставки президента Украины П. Порошенко в Киеве
Акция с требованием отставки президента Украины П. Порошенко в Киеве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украинатәи анационалистцәа урыстәылатәи аусеицурҭатә Центр аихашәқәа ԥҽны иҩналеит. Убри аамҭазы уаҟа жәаҩыла ахәыҷқәа еиуеиԥшым аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон.

АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik. Украинатәи анационалистцәа урыстәылатәи аусеицурҭатә Центр аихашәқәа ԥҽны иҩналеит. Убри аамҭазы уаҟа жәаҩыла ахәыҷқәа еиуеиԥшым аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости, Ацентр ахада Константин Воробьев иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Митрополит Вышгородский и Чернобыльский Павел ведет переговоры с протестующими у Киево-Печерской лавры - Sputnik Аҧсны
АИХ: украинатәи арадикалцәа Киево-Печератәи Алаврахь амҩақәа ркит

Ахыбра аҩныҵҟа анационалистцәа аҭӡамцқәа шәыгала иршәит, ашьклаԥшратә камерақәа ашәыга рықәырҭәеит, урыстәылатәи абираҟқәа кнырҳәеит нас иԥыржәеит.

Арадикалцәа ишырҳәаз ала урыстәылатәи Ацентр аусура азакәаншьаҭа амаӡам. Ақәылара зуз агәыԥ дрылан "Радикальнаиа партиа Украины" адепутат Андреи Лозовои.

Ацентр ахада Константин Воробьев иажәақәа рыла ақәылара ҟазҵаз рхыԥхьаӡара 30-ҩык инареиҳаны иҟан. Дара реиҳарак "Правыи сектори"* анационалтә еиҿкаара "С14" рлахәылацәа ракәын.

"Украинатәи анационалистцәа урыстәылатәи аусеицурҭатә Центр аихашәқәа ԥҽны иҩналеит. Убри аамҭазы уаҟа жәаҩыла ахәыҷқәа еиуеиԥшым аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон, аурыс бызшәа аҵара акружокқәа аус руан. Ахыбра аҩныҵҟа анационалистцәа аҭӡамцқәа рҟны "Смерть России" ҳәа шәыгала иршәит, ашьклаԥшратә камерақәа ашәыга рықәырҭәеит, урыстәылатәи абираҟқәа кнырҳәеит нас иԥыржәеит", — иҳәеит Воробьев.

Аполициа ишрыԥхьаз еиԥш иааит аха урҭ имҩаԥысуаз рацәак рхы аларгаломызт. Аҭыԥ ахь инеиит иара убасгьы амиссиа ОБСЕ ахаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0