Ҳаамҭазтәи Аинар: аԥсуа ҳәызба аҟаҵашьа акәамаҵамарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление традиционных абхазских ножей
Изготовление традиционных абхазских ножей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа милаҭтә ҳәызба аҟаҵашьа, аметалл аус адулашьа хкқәеи ртәы Sputnik иазнархиаз аматериал аҿы.

Sputnik

Ҳаамҭазтәи Аинар

Шәазхәыцхьоума шәара иахьатәи ажьиҩы дзеиԥшроу атәы? Адауаԥшь сахьа иманы, зныкҟьарала ахаҳә зырхәашо иакәноума дшыжәбо? Мап. Аҽазныкгьы мап. Ажәытәан зны ажьиҩцәа алаԥшхырԥаҩцәа иреиԥшныршьалон. Амца рхы иадырхәон. Аԥсуаа иԥшьаҭыԥны ирыԥхьаӡон ажьираҭыԥ, араҟа Шьашәы имҵаныҳәон.

Ҳаамҭазтәи аҟазацәа маӡак рыҵаны, илаԥшхырԥаҩцәаны иубом. Урҭ ҳара ҳаиԥш аинтернет иҭоуп, аинстограмм рымоуп. Ус шакәугьы иааигәаны ианудырлак, зынӡаск зегь шымариам удырыртә иҟоуп.

"Сҭааҩцәа сазҵаалоит: "уара ужьиҩҵәҟьоума?" ҳәа. Саргьы аҭакс сԥышәырччоит", — иҳәоит Давид Џьапуа.

Аҷыдара иаҿагылоу аконвеир

Давид Аԥсны еицырдыруа ажьиҩы Ҭемыр Ӡиӡариа ижьирҭаҟны аус иуеит.

"Арахь сиасаанӡа, ԥшьышықәса инарзынаԥшуа аҽа ҟазарҭак аҟны аус зуан. Уаҟа арҭәара хьшәашәа ала аус руан. Амашьынақәа ракәын ахархәара змаз. Аамҭа рацәак уцәагомызт, аха сгәы иақәшәомызт", — иҳәоит иара.

Давид дреиуоуп аҟазара аконвеир ахь ииазгарц зҭахым. Иара иҭахуп аҷыдара змоу аалыҵ аҭыжьра. Убри азоуп арахь дзиасыз. Ара ажәытәан аиԥш арҭәара шы ала аус руеит.

"Аҟазацәа аметалл аус адырулоит ршрыла, идырҭәоит. Аметалл татахоит. Иҟарҵогьы аҽакы иаламҩашьо иҟалоит. Арҭәыра ршы ахархәара маҷуп. Иара ахәԥсеи, аусура ауадаҩреи ирхырҟьаны. Имаҷҩуп абри аҩыза аалыҵгьы аазхәарц зылзыршо".

© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление традиционных абхазских ножей
Изготовление традиционных абхазских ножей - Sputnik Аҧсны
Изготовление традиционных абхазских ножей

Арҭәыра ршы ихы иархәо Давид илшоит агәашәқәа, амардуанҭаԥсақәа, еиуеиԥшым асувенирқәа, агарақәаҵәҟьа рыҟаҵара. Аха еиҳарак иҟарҵо аԥсуа ҳәызбақәа роуп. Иара урҭ даара иқәҿиоит

Иареи ҳареи ҳаицәажәонаҵы амца днаха-ааханы аԥсынгьыри инықәиҵеит заԥхьаҟа аԥсуа ҳәызба ссир злыҵраны иҟаз аметалл хьшәашәа.

Ажәытәҵаулаҟынтәи

Аԥсуа ҳәызба аҭоурых ашьаҭақәа ажәытәӡарахь ихоуп. Ҳабацәа урҭ рабацәа еснагь ирыман рхатәы ҳәызба, еиуеиԥшым рҭахрақәа рзы.

Аԥсны аҳәызба злырхуаз дамасктәи аџыр акәын. Еиуеиԥшым атәылақәа рҟны иара аҳаҭыр ҳарак аман, ахә ҳаракны ишьан, аҟаҵашьа акәзар имаӡан.

Дамасктәи аџыр иалхыз абџьар аҽакы иалаҩашьомызт. Иӷәӷәан, акыр абиԥара еимырдон.

Ажәытәтәи аҟазауаа рус нап анадыркуаз анцәа имҵаныҳәон, арыжәтә рҽацәырыхьчон, аԥҳәыс лааигәа инеиуамызт, аҽаӡәгьы ажьира ашә ахыҵра азин имамызт.

Аԥсуа ҳәызба аҟаҵашьа иахьанӡагьы иааӡеит.

"Сара зны-зынла ишысҭаху, ишысзымариоу ианыҟасҵало ыҟоуп, аха сеиҳабы (Ҭемыр Ӡиӡариа) уи дақәшаҳаҭым", — иҳәоит Давид.

Абри иунарбоит ажьирҭаҟны ажәытә қьабызқәеи аҵасқәеи аҳра шыруа. Ара иазгәаҭатәуп аԥсуа ҳәызба аформақәа шәышықәсала имԥсахкәа ишааиуа. Урҭ роуп иара егьырҭ аҳәызбақәагьы ирылызкаауа.

Зқьы ирылукаауа

Итрадициатәу аԥсуа ҳәызба-ҿы 13-25 сантиметра иҟоуп. Ахәы жәабаҟа сантиметра инаӡоит.

Аҳәызба ахәы аиҳарак абӷаџьма, акамбашь, абнацә, ацә ртәыҩақәа ирылырхуеит. Ахархәара рымоуп арагәаԥшь иалырхуа ахәқәагьы. Аҳәызба ахәы аиҳарак ихыгьежьаауп, аганқәа адыршәаҟьалоуп.

Аԥсуа ҳәызба арымарахь ала ирыҟәнырҵоит. Ахәы ахыркәшамҭаҟны амацәаз ҳасаб змоу агьыжь амоуп —аҳәызба аҭра аҭыгара зырмариоу.

Аҳәызбаҭра ҳәызба ханарҭәаауазароуп. Иара амҿы иалхуп, ацәа иҭаӡаны иҟарҵоит. Аҳәызба аҭра ианааланы иҭалароуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление традиционных абхазских ножей
Изготовление традиционных абхазских ножей - Sputnik Аҧсны
Изготовление традиционных абхазских ножей

Аҳәызбаҭра хырҷҷазароуп еиуеиԥшым, аџьмацәа иалху аорнамент ала. Ажәытәан уи ацәашьашьын илыршьуан, алашьцараҟны цәашьра ауртә еиԥш.

Амцаҟынтәи аҳәызбаҭрахь

Аџыр 1300 — 1400°C инареиҳаны иршны, Давид аметалл ахәҭак аԥсынгьыри иқәҵаны дасуа, аҳәызбаҿы аформа аиҭоит, нас аӡыхьшәашәа иҭишьуеит, иӡрыжәуеит.

Аҳәызбаҿы иахәҭоу аформа анаиулак ашьҭахь, еиҭадырԥхоит, ахәша иӡааршьуеит. Уигьы аӡрыжәра иахәҭакуп.

Нас, амаруга ҷыдала ицәуеит, ацырцырраҟынӡа инеигоит. Аҳәара мариоуп, аха аҟаҵара уадаҩуп. Ҳәызбак аҟаҵара мчыбжьык аамҭа аҭахуп. Уи аҿы мацара. Аџьабаагь џьабаауп, аха иҟало алҵшәа уи иаԥсоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0