АҞӘА, жәабран 21– Sputnik, Бадри Есиава. Традициала, есшықәса, Дырмит Гәлиа имшира аҽны, ихатәроу ашәҟәыҩҩцәеи, аҿарацәеи, аԥсуа аинтеллигенциеи иара дрылагылоушәа иазгәарҭоит, имҩаԥыргоит алитературатә хәылԥазқәа. Аԥсны Ахадара, арҵаҩцәа, аҵаҩцәа Аҟәа ақалақь агәҭа игылоу ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
"Дырмит Гәлиа иааԥсара пату ҳзақәзарц азы иҟаҵатәу рацәоуп. Абри амш аҽны арахь иааир рыхәҭоуп Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы. Ҳара ҳашкол Дырмит Гәлиа ихьӡ ахуп. Традицианы ишьақәҳаргылеит иара ииармш аҽны ахәыҷқәа ҳаманы ихьӡ зху амузеи аҭаара. Ахәыҷқәа ирбозароуп, ираҳауазароуп иара илшаз", — ҳәа лҳәоит Аҟәатәи аԥшьбатәи ашкол адиректор Нона Ламиаԥҳа.
Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ашьҭахь ашколхәыҷқәа Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа ирыԥхьеит. Урҭ руаӡәк, Линда Аҩӡыԥҳа илҳәеит бзиа илбо арҿиамҭақәа ишреиуоу "Атәым жәҩан аҵаҟа".
"Иара убасгьы акыр бзиа избоит аԥсуа ԥҳәыс илызку ароман "Камаҷыҷ", — лҳәоит лара.
Дырмит Гәлиа ихьыӡ акамыршәраз иаԥҵоуп аҵарауаа рыбжьара апремиа, ашколқәеи, амҩақәеи, аҵараиурҭақәеи ихьыӡ рхуп.
Дырмит Гәлиа иаԥҵамҭақәа аԥсуа литератураҿы, акультураҿы ианыркыло аҭыԥ даара акраҵанакуеит. Ԥсра зқәым аҩымҭақәа иреиоуп ановелла "Атәым жәҩан аҵаҟа", ароман "Камаҷыҷ", абызшәа, аҭоурых, аетнографиа ирызку аҭҵаарадырратә усумҭақәа, ахрестоматиақәа, арҵага шәҟәқәа.
Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара далҵит 1960 шықәса рзы мшаԥымза 7 аҽны. Анышә дамадоуп Аҟәа апарк аҿы. Иара убри игылоуп ибаҟагьы.