00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. В чем главная тайна Достоевского?
14:04
23 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Как Достоевский создавал психологию 5D
14:33
24 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсуа наплакыҩцәа рзы асеминар еиҿкаахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДом Москвы
Дом Москвы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Москва Аҩны" аҟны аԥсуа наплакыҩцәа рзы еиҿкаахоит асеминар. Иара мҩаԥысуеит Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рза Рдепартамент ацхыраарала.

АҞӘА, жәабран 21– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Москва Аҩны" аҟны аԥсуа наплакыҩцәа рзы еиҿкаахоит ихәыда-ԥсадатәу атренинг-семинар ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит "Москва Аҩны" аинформациатә ҟәша аусзуҩ Диана Занҭариаԥҳа.

"Москва Аҩны" иамоу аспицифика ҳақәныҟәаны ҳара еиҳарак азхьаԥшра аҳҭоит акультуратәии анаплакытәии усхк. Ԥхьаҟатәи аплан азырхио ҳара иҳаӡбеит аԥснытәи абизнес азы лагалак ҟаҳҵарц. Иагьышьақәҳаргылеит анаплакыҩцәа рзы атренинг-семинар аиҿкаара мҩаԥаагарц", — лҳәеит лара.

Дом Москвы подарил сухумской школе №14 оборудование для изучения химии, биологии и физики - Sputnik Аҧсны
Москва Аҩны Аҟәатәи ашкол №14 аҳамҭақәа азыҟанаҵеит

Апроект анагӡаразы Краснодартәи атренингтә еилахәыра "Экология разума" ахь аҳәара ҟаҵан аԥснытәи анаплакыҩцәа рзы асеминар мҩаԥнагарц.

"Апрограмма акыр иҭбаауп, иаҵанакуа рацәоуп. Уажәазы ҳара адырра аҳҭеит Аԥсны анаплакыҩцәа Рассоциациа, ауаа иддырҳарц азы", — лҳәеит Занҭариаԥҳа.

"Алаҳәара аныҟарҵа раԥхьатәи амш азыҵәҟьа азыҳәақәа ҳзаарышьҭит 30 наплакҩы. Азыҳәақәа ҳадаҳкылоит жәабран 25 рҟынӡа. Ҳара аҵаратә тренингқәа ракәын уаанӡа имҩаԥаагоз, анаплакыҩцәа рзы раԥхьатәи проектуп", — лҳәоит лара.

Асеминар апрограммаҿ иҟоуп абарҭ атемақәа: "Абизнес-планыркра ашьаҭақәа", "Астратегиатә планыркра", "Афинанстә напхгараҭара" уҳәа егьырҭгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0