Ҭыжәба: Қырҭтәыла аофициалтә мчрақәа рҳәамҭа - ҽырбага ҳәамҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИраклий Тужба
Ираклий Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьанелиӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла аофициалтә мчрақәа шазыхио еиҳа иааигәаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала аинышәаратә политика амҩаԥгара.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Қырҭтәыла аофициалтә мчрақәа еиҳа иааигәаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала аинышәаратә политика амҩаԥгара иазыхиоуп ҳәа иҟаҵо аҳәамҭа изаамҭанытәиу ҽырбага ҳәамҭоуп, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба.

"Аҭынч инициативақәа раларҵәара ҳҭахны ҳаҟоуп ҳәа бжьыҭгала ауаа рылаҳәара уаанӡагьы аҭыԥ аман. Апрактикаҿы акәзар, абасеиԥш аҳәамҭақәа рыҟаҵара ашьҭахь иарбанызаалак шьаҿак ҟаҵаны иаабом, Қырҭтәыла аполитикагьы аҽеиҭанакуам ҳтәылауаа рганахь ала. Уи ҳәарада аимак аҭышәныртәалара апроцесс аруадаҩуеит акәымзар иармариом. Қырҭтәыла аханатәеиԥш аҽазышәара мҩаԥнагоит ҳреспублика аполитикатәи, аекономикатәи, агуманитартәи усхкқәа рҟны жәларбжьаратәи аҭахкаара азнаурц", — иҳәеит иара.

Иракли Ҭыжәба ишиҳәаз ала Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ԥхьаҟатәи ақырҭуа ԥшьгарақәа ишрышьклаԥшуа.

"Иахьатәи Қырҭтәыла амчрақәа Аԥсны аганахь ала аиҿцәажәараҵәҟьахь изнеиуазар, уи аимак аҭышәныртәалараз акыр хра аманы иҟалон. Агәра аагар ҳҭахуп ақырҭуа политикцәа ражәа ҳаракқәа шьақәзырӷәӷәо ашьаҿақәагьы ҟарҵап ҳәа", — иҳәеит Ҭыжәба.

Уаанӡа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьанелиӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла аофициалтә мчрақәа шазыхио еиҳа иааигәаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала аинышәаратә политика амҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0