Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа афестиваль "Аԥхьарца" иазкны: аҿар жәлар рмузыкахь агәыбылра рымоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНури Кварчия
Нури Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра акы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысран иҟоуп Ареспубликатә конкурс "Аԥхьарца", абри атәы иҳәеит Sputnik Аԥсны арадиостудиаҟны Иван Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Нури Кәарҷиа: аҿар жәлар рмузыкахь агәыбылра рымоуп

"Аа-шықәса раԥхьа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа ажәлар рыларҵәара хадас иҟаҵаны арҿиаратә центр иаԥнаҵеит  Ареспубликатә фестиваль "Аԥхьарца". Есышықәса имҩаԥсуа ари афестиваль Иван Кортуа игәаларшәара иазкуп иара иааԥсара рацәоуп жәлар рашәақәеи, рмузыкатә аҳәагақәеи реиқәырхареи, раларҵәареи рҟны. Раԥхьа иабашәҭаху ари афестиваль зҳәаз ыҟазаргьы,  иахьа, аамҭа ишаҳнарбаз ала, ас еиԥш афестивальқәа рымҩаԥгара аколлективқәа рзы ихәарҭоуп, аҿар жәлар рмузыкатә рҳәагақәа ргәыбылра шыркыз убартә иҟоуп, есааира рхыԥхьаӡара иацлоит", — иҳәеит Нури Кәарҷиа.
Жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыбжьы хаа ажәлар ираҳауаз ауп, избан акәзар, амилаҭ хаҿра аиқәырхараҿы аҵак ду амоуп, ҳәа агәаанагара имоуп Нури Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0